Атестқәа ҟарҵоит: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс илныруаз зегьы акарантин ахь ишьҭуп

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАтестқәа ҟарҵоит: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс илныруаз зегьы акарантин ахь ишьҭуп
Атестқәа ҟарҵоит: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс илныруаз зегьы акарантин ахь ишьҭуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Макьаназы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз Хецуриани илныруаз ауаа рхыԥхьаӡара атәы рымҳәацт. Уаанӡа Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Генрих Ҭыжәба адырра ҟаиҵахьан дара зегьы рхаҭарақәа шьақәыргылоуп ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Акоронавирус змоу Нино Хецуриани илныруаз ауаа зегьы ахыԥхьакрахь ишьҭуп. Урҭ зегьы атестқәа рзыҟарҵоит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоцалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзураҿы.

Макьаназы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз Хецуриани илныруаз ауаа рхыԥхьаӡара атәы рымҳәацт. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿ иазгәарҭеит акоронавирус рымазар ҟалоит ҳәа агәаанагара ззыҟало зегьы ҷыдала иазырхиоу ахәышәтәырҭақәа рахь ишнарго.

Ситуация на КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы иқәгылаз асмена зегьы ахыԥхьакрахь ирышьҭит

Уи аԥхьа Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Генрих Ҭыжәба адырра ҟаиҵахьан Нино Хецуриани илныруаз зегьы рхаҭарақәа шьақәыргылоуп ҳәа.

Уаанӡа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы Акоординациатә штаб алахәыла, адепутат Алхас Џьынџьал иҳәеит ачымазаҩ адиагноз "акоронавирус" шылзықәдыргылаз, Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭоу.

Хәажәкыра 30 рзы Гал араион ахь ицо амҩақәа зегь ркит азинхьчаратә усбарҭақәа.

Ирышьҭуа амаҵзурауаа, аҳәаахьчаҩцәа, Акоординациатә штаб алахәылацәа роуп, иара убасгьы атехника ҷыда: Ацхыраара ласқәеи Аԥсны АҶА амашьынақәеи.

Ақалақь иалалои иалҵуеи ршоура ршәоит. Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭа ҭыԥ "Канал" аҿы амедицинатә усзуҩцәа гылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0