Аоперативтә штаб жәаҩык акоронавирус азы рыҭҵаарақәа шымҩаԥгоу рыланаҳәеит

CC0 / / Коронавирус
Коронавирус  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоперативтә штаб аҿы иазгәарҭеит ауаажәлар иҵабыргым аинформациа рацәаны ишрыларҵәоу. Иазгәарҭеит адәқьанқәа адыркуеит ҳәа ирҳәо аиаша ишақәымшәо.

АҞӘА, мшаԥымза 1 - Sputnik. Аоперативтә штаб жәаҩык акоронавирус рымоу ирымаму азы аҭҵаарақәа шымҩаԥгоу рыланаҳәеит. Атестқәа ааба авирус ыҟам ҳәа азгәарҭеит. Пациентк игәаҭара инарҭбааны имҩаԥыргоит, аҽаӡәы ианализқәа ирзыԥшуп.

ДПС - Канал в Гале. Зона отчуждения от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Гал араион аҿы аҭагылазаашьа ҷыда еиламгакәа иқәныҟәоит

"Аҟәатәи аҿкы хәышәтәырҭахь идҵаалеит ааҩык. Быжьҩык коронавирустә инфекциа аҟазааразы атестқәа ирхысит. Урҭ аӡәгьы авирус имам. Аӡәы еиҳа иныҭкааны дгәарҭоит. Адыррақәа шааҟалалак ирылаҳҳәоит", - рҳәеит аштаб аҿы.

Гагра араион аҟынтәи Гәдоуҭа ахәышәтәырҭахь дааган акоронавирус имазар ҟалоит ҳәа агәаанагра зызрымаз апациент. Атест дахысит, ачымазара имам.

"Иара убасгьы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днагоуп аҽа пациенткгьы, ПЦР-дигностика уаҵәы аҭак ҟалоит", - рҳәеит аштаб аҿы.

Аоперативтә штаб аҿы иазгәарҭеит ауаажәлар ииашам аинформациа рацәаны ишрыларҵәоу. Иазгәарҭеит адәқьанқәа адыркуеит ҳәа ирҳәо аиаша ишақәымшәо.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0