Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз Аԥснытәи асолдаҭ игәакьацәа рыԥшаара иаҿуп

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВетеран Великой Отечественной войны В. И. Запорожченко
Ветеран Великой Отечественной войны В. И. Запорожченко  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан Аԥсны атәылауаа 55 000-ҩык абџьар шьҭыхны игылеит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит, 17000-ҩык рышьҭахьҟа изымгьежьит.

АҞӘА, мшаԥымза 1 - Sputnik, Мариа Науменко. Ростовтәи аобласт аҟны иаԥҵоу аԥшааратә отриад "Угәы ззыҳәо" аԥснытәи аибашьҩы Илиа Голованов иуа-иҭахы рыԥшаара иаҿуп.

Илиа Голованов Аҟәа араион аҟынтәи арра иԥхьеит. Дҭахеит Ростовтәи аобласт аҟны ицоз ажәыларақәа руак аан иоуз ахәра иахҟьаны.

Иара изкны иҟоу абарҭ адыррақәа заҵәык роуп:

"Голованов (Головаков) Илиа Сергеи-иԥа, 1905 шықәса рзы ииз, ариадовои 575 СП. Аррахь иԥхьан: Аҟәатәи РВК, Қырҭтәылатәи ССР, Аԥснытәи АССР, Аҟәа р-н. Головаков Д.П. иԥсҭазаара далҵит 17.12.1941 ш. рзы агоспиталь ППГ №578 аҿы, анышә дамадоуп Ростовтәи аобласт, ақ. Шахты. Иҭаацәа нхон ақ. Аҟәа, Ворошиловимҩ., аҩ.2 аҟны".

Ахьӡ архынҳәра, Гагра - Sputnik Аҧсны
"Ахьӡ архынҳәра": хабарда ибжьаӡыз Виктор Канџьариа ихаҭара шьақәыргылоуп

Иара убасгьы активистцәа рыԥшаара иашьҭоуп Ҟазахсҭантәи (31-ҩык), Кыргызстантәи (5-ҩык), Ермантәылантәи (4-ҩык), Азербаиџьантәи (9-ҩык), Қырҭтәылантәи (10-ҩык), Беларуссиантәи (8-ҩык), Таџьикистанынтәи (аӡәы) рыуацәеи рҭынхацәеи.

"Сара сҽазысшәеит асоциалтә ҳақәа рҟын абарҭ атәылақәа рҿы инхо рыжәлантәқәа сыҽрымаздарц. Аинтернет-еилазаараҿы аԥшааратә темақәа аԥысҵеит. Исылшеит аибашьцәа жәпаҩык рҭынхацәа рыԥшаара", - еиҭеиҳәоит аотриад акомандаҟаҵаҩ Дмитри Воронов.

Воронов иазгәеиҭеит аԥшаарақәа ирылахәхар шалшо изҭаху зегьы.

"Хымԥада аотриад уалахәыламзаргьы ҟалоит. Ишулшо ала ацхыраара ҟауҵар алшоит. Абри аҩыза аус агәаҳәара змоу зегьы ҳадаҳкылоит", - иҳәеит иара.

Воронов иҳәеит иара хықәкыла дызҿу архивқәа рыԥшаара шакәу.

Днепр аҟны аибашьра - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥсуа еибашьцәа рлахьынҵа шьақәнаргылеит

"Сара хықәкыла Ростовтәи аобласт ақалақь Шахтыи акәша-мыкәшеи иҭахаз рышьақәыргылара сашьҭоуп. Ара ирацәоуп хьӡы змам аҳаҭгәынқәа. Аҭыԥантәи ауаа срыҿцәажәоит ауп, егьыс аинформациа маҷуп. Хәыц-хәыц еизыскуеит еиуеиԥшым адыррақәа. Џьара акеилкааразы ашықәсқәа анцо ыҟоуп", - еиҭеиҳәоит аԥшааҩ.

Воронов иҳәеит згәакьа анышә дахьамадоу еилызкааз ауаа рылаӷырӡԥшьақәа иреиҳау гәазыҟаҵара шыҟам.

"Иацыҵәҟьа иҳаԥшааз дреиуоуп хҩык аӡӷабцәа раб. Дара рҭагылазаашьа атәы узеиаҳәом. Раб аррахь дцеит, уи ашьҭахь уаҳа ихабар ыҟамызт. Уажәшьҭарнахыс иҭаацәа ирдыруеит раб анышә дахьамадоу аҭыԥ", - иҳәоит Дмитри.

Иҭахаз, иахьанӡа зхабар рзымдыруа аԥснытәи аԥсадгьыл ахьчаҩк ижәла жәдыруазар аҭел шәасыр ҟалоит Sputnik Аԥсны аредакциахь аԥшааҩцәа шәыҽрымажәдарц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0