Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ашҭаҟны аихшаратә ҭыԥ аус шауло

© Sputnik / Томас ТхайцукИгорь Джопуа.
Игорь Джопуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аихшаратә ҭыԥ шеиқәдыршәо, акоронавирус ҿкы змоу аӡәыр дрыдҵаалар, уаҟа дышгәарҭо.
Џьопуа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ашҭаҟны аихшаратә ҭыԥ аус шауло

"Анцәа имчала ахәыҷқәа рганахьала ачымазара ҿкы змоу аӡәгьы дыҟам макьаназы официалла ишьақәырӷәӷәаны. Алԥшааратә палатка ахәышәтәырҭа аԥхьа иҳаргылахьеит, уажәы аҩныҵаҟа аусуразы иагқәоу ҳарҿуп. Егьыс иҳадҵаало рхыԥхьаӡара маҷуп. Агәабзиарахьчара аминистрра адҵала уажәы акарантин аҟны ҳаҟоуп. Ахәшәтәырҭаҟны еиуеиԥшым аҟәшақәа ыҟоуп, азакәан инақәыршәаны аинфекциа змоу ахәыҷкәа аҩныҵаҟа ҳармыхәаԥшуазароуп. Убри аҟынтәи ашҭаҟны иҳаргылаз аилыршәшәаратә, алԥшааратә ҭыԥ аҟны игәарҭалароуп амцашоура, аимҳәа зманы иааиуа. Акоронавирус  имоуп ҳәа гәҩарас аӡә дроур аҳақьымцәа, дахьырышьҭуа аҭыԥқәа рҳәоит. Убасгьы иазгәасҭар стахуп досу дахьынхо аҭыԥқәа рҿы аполиклиникақәа рҟны аҳақьымцәа шрыхәаԥшуа. Ачымазара ҿкы змоу ахәыҷтәы хәышәтәырҭахь дҳазнагаӡом, избанзар усҟан уи аҳаркыр акәхоит",- иҳәеит Џьапуа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0