Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Абҳазоу Владимир Агрба изы: ҳазҿыԥшуаз абиԥара дреиуан

© Sputnik / Томас ТхайцукВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу арадио Sputnik аефир аҿы иазгәеиҭеит Владимир Агрба иԥсҭазаара зегьы аԥсуаа рԥеипш азҵаарақәа ишрыдиҳәалоз.
Абҳазоу Владимир Агрба изы: ҳазҿыԥшуаз абиԥара дреиуан

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, алитератураҭҵааҩы, жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа реизгаҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара занашьоу Владимир Бабахь-иԥа Агрба.

Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Даԥсыуаҵәҟьан, аҳәатәи аҳәашьеи дақәшәон: Владимир Агрба игәалашәаразы

"Владимир Бабахь-иԥа дреиуан ҳара қәрала иҳаиҳабацәаз, ҳазҿыԥшуаз абиԥара. Ҳәарада, асовет аамҭазы иахьа рацәак ахархәара змам аидеологиа ззаҳҳәо, аха аԥсуа идеологиа шьақәзыргылоз ҳҵарауаа, хаҭҵааҩцәа дреиуан, избанзар, аԥсуа милаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аханатә иԥсҭазаара зегьы уи иазкын, далагылан, аԥшьгаҩцәа дреиуан, иҩызцәа рыгәҭа дгылан. Аԥеиԥш азҵаарақәа зегьы ирыҵаркуаз далахәын, убысоуп ҳара дшаадыруа, ҳхаҿы дшаанхо. Ҳәарада, ари зегьы иаанаго уи ауп, аҵарауаҩ аҵарадырра мацара ихы азкны дыҟамызт, иара иԥсҭазаара зегьы ижәлар рҭагылзаашьа, ижәлар рԥеиԥш, иԥсадгьыл аԥеиԥш акәын аԥхьа иргылоз", - ҳәа азгәеиҭеит Абҳазоу.

Алитератураҭҵааҩ, афольклорист, акритик, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Агрба диит 1935 шықәса ԥхынгәы 10 рзы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. 1959 шықәсазы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет аҟәша. 1965 шықәсазы далгеит Москва ақалақь аҟны Адунеитә литература аинститут аҟны иҟоу аспирантура. Шықәсык уи ашьҭахь ихьчеит акандидаттә диссертациа "Аԥсуа поезиеи жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭеи" атемала. Амонографиақәеи алитература-критикатә статиақәа реизгақәеи акыр дравторуп.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0