Владимир Агрба: аҧсуара иамоу агьама мыӡроуп

© Sputnik Роберт ДжопуаВладимир Агрба
Владимир  Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуара аҵакы иаашаны азнеиразы, хымҧада хəҭа-хəҭала иҭҵаатəуп. Бызшəала, ҭоурыхла, етнологиала, социологиала, економикала, политикала, ҭоурыхла. Абас иҧхьаӡоит ажурналист Сырма Ашәҧҳа дзыҿцəажəаз Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратə институт аусзуҩ, аҵарауаҩ нага Владимир Агрба.

Сырма Ашәҧҳа, Sputnik

Владимир Агрба иҭаацəа рҟынтə, еиҳабацəа рҟынтə иибаз аҧсуара хəашьырак ақəымкəа иҟазарц иҭахуп. Ибжамҽамны аҧсуара аныҟəгара дазыразым.

"Џьынџьалҧҳа Гəагəа ҳəа ахацəа рыхшыҩ змаз санду дыҟан, ибзианы сылхаануп. Убри убас салҳəон есқьынгьы: "Нан, бҕьыжəуп амалажə, амал уамеилаҳан, иҟоу — уаҩроуп. Иулшозар, абзиара хəыҷы ыҟам, абзиара ду ыҟам, бзиарак зегьы ирзыҟаҵала, абзиара рызҳəала. Ауаҩытəыҩса данубалак, раҧхьа абзиара имоу гəаҭа, ацəгьеи абзиеи рышьхəа еивҵоуп, ауаҩы ицəгьара еиҳа ибзиа еиҳазар, уи дыбзиоуп лҳəалон", — игəалаиршəоит Владимир Агрба.

Цуца Ахуба - Sputnik Аҧсны
Цуца Аҳәԥҳа: сырҵаҩратә ԥсҭазаара шьаҭас иамоуп аԥсуара

Владимир Агрба, ианду ишьа-ида иҭалҵаз, иабжьылгақəоз рыла дахьныҟəаз акыр иахьицхрааз ыҟоуп. Иҟаӡам аамҭак лара гəыблыла данигəалаимыршəо.

"Сара схы здыруа сыҟоуижьҭеи идырны ауаҩы цəгьарак изызымуц. Зегь иреиҳау аҧсуара — абзиа еибабароуп, аҧсҭазаара абзиабара, аҧсҭазаара пату ақəҵара. Абзиабара ажəа, афилософцəа дуқəа, ажəытəтəи абырзенқəа инадыркны иахьа уажəраанӡа абри апроблема иалацəажəоит, аҧсҭазаараҿы ихадоу акоуп, ишьҭнамхуа ҳəа акагь ыҟаӡам," — ҳəа дазнеиуеит аҵарауаҩ.

Дарбанзаалак ауаҩытəыҩса иус бзиа ибаны даназнеи, агəахəара инамҭарц залшом, уи алҵшəа бзиагьы аанашьҭуеит. Абас еиҧш иус дахаҵгылоит ҳзыҿцəажəоз аҵарауаҩ.

"Сара анхаҩы сихылҵит, ақыҭа сааӡеит, Урыстəылагьы сцеит, аҵара дугьы салгеит, аха сшаҧсыуаз, сшынхаҩыҷкəыназ сынхеит", — иҳəеит Агрба.

Владимир Агрба игəалаиршəоит аибашьра аамҭазы, уи анаҩсгьы ҳажəлар ирхыргаз аџьамыҕəа цəгьа, аха урҭ ауадаҩрақəа зегьы ириааины абзанхара ишаҿу.

"Ашьыжь шаанӡа сгыланы суҭраҭых иахəҭоу напы адкыланы, сырашəатə рашəаны, аусура саауан. Ахəылбыҽха саннеилак, суҭра зегьы ҧырҧыруа ианызбалак саҟара сыцлон. Убриаҟара гəахəа сызҭоз акагь ыҟаӡамызт, убри абзиабароуп иҟазҵаз. Санхəыҷыз аахыс избахьоу акəын. Жəашықəса анысхыҵуаз аахижьҭеи ацəмаа скыр акəхеит, ҳабацəа аибашьра ду иҟан, уаҳа ҧсыхəа ҳамамызт. Хымҧада, аџьаус бзиа иануба, алҵшəагьы аныҟала, уҧсынҵры еизнарҳауеит", — абас ажəытə аамҭа игəалаиршəоит Владимир Агрба.

Шьандуан иан Маҳмур Кәаӡԥҳа - Sputnik Аҧсны
Маҳмур Кәаӡԥҳа: сара сзыхьӡаз аԥсуара аԥсы ҭан, ахаҵгылацәа аман

Вдадимир Агрба гəыҵхас имоуп аҳəаанырцə инхо ҳџьынџьуаа рлахьынҵа. Иара ахааназы ихашҭуам раҧхьаӡа акəны Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа иааз аҧсуаа рхаҿсахьақəа.

"Сара исгəалашəоит 70-тəи ашықəсқəа рзы Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа иааз Ҳақы Ажьибеи, Фаҳри Ажьибеи. Аҭаҳмадцəеи дареи еибаҳарбеит, Аҧсны ахы-аҵыхəа ҳахысит. Уи сара сыҧсҭазаараҿы исхамшҭуа хҭысны иаанхоит", — иҳəеит Агрба.

Аамҭа иаҧсахыз аҭагылазаашьақəа рацəахеит. Аҧсуара ныҟəызго ауаҩытəыҩса ихдырра аамҭа аӡыблара ахааназы даланажьӡом. Абриаҟара шықəса шҵхьоугьы ҳџьынџьуаа ирылдыршеит милаҭк аҳасабала атəымџьара ахеиқəырхара.

"Аҳəаанырцə иҟоу ҳашьцəа ихҵəаны-ихыҧсааны иуаахаз роуп. Инхеит, инҵит, аҧсуа инышəынҭра аҧырҵра ицəыуадаҩуп, иааныжьны изымаақəаз ҟалеит. Шəааи, Аҧсныҟа нхара ҳəа раҳəара мацара азхаӡом. Ақəаб аҵа кылуҵəар хəырхəырҳəа аӡы шцо еиҧш, убас хəыҷы-хəыҷла иалагатəуп раагара. Хҩы-ҧшьҩы аҷкəынцəа змоу аӡə дааиааит. Иуа дыҟоуп, иҭынха дыҟоуп, ижəлантə дыҟоуп, амлеи-ахьҭеи дыркааит, ихала аџьабаа баны дынхааит, убас иаауго роуп абраҟа инхо", — ҳəа дазхəыцуеит аҵарауаҩ.

Аҳəаанырцəынтəи зыҧсадгьыл аҿы зынхара-зынҵыра ҟалаз аҧсуа аҭаацəарақəа маҷҩым, зхатə џьабаала инхо, зыҧсадгьыл аҿы згəы каршəны иҟоу.

Шьенер Ҳәмарба - Sputnik Аҧсны
Шьенер Ҳәмарба: аԥсуара саналацәажәо сгәы ԥшаауеит

"Урҭ уажəшьҭа ара рышьаҭа рҳаит. Сара издыруеит ҧшьҩык аишьцəа Аграа, Ҭырқəтəылантəи иааз, ҳаибашьра иалахəыз, рыҧшьҩыкгьы рыҧсадгьыл аҿы инхеит. Ааигəа руаӡəк иаамҭанымкəа иҧсҭазаара далҵгəышьеит, иҧсаҭа бзиахааит. Шьҭрала Ҵабалтəқəоуп, Аҧсны инхоит, Анцəа ишиҳəара иҟоуп", — иашьцəа дрызгəыдуны рыӡбахə далацəажəон Агрба.

Владимир Агрба иашьцəа ирабжьигеит закәанла Ҵабал ақыҭан адгьыл ҭыҧқəа ргарц, рабдуцəа рџьынџь дгьыл рыхьӡ ахызарц, мышкызны инхарц-инҵырц, рхылҵ-ҧылҵ ыҟоуп, рџьынџь дгьыл аҿы еиҵыҵырц, еизҳарц.

"Ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳəра азҵаара хшыҩла иазнеины иҭҵаатəуп. Абри ахырхарҭала Израиль даара иҿырҧшы бзиоуп, уи аҩыза аметод ахархəара азаҳур, ара акыр ибзиахон ҳəа сгəы иаанагоит", — ҳəа азгəеиҭоит Владимир Агрба.

"Ҳазлацəажəо иарбан зҵааразаалак шьаҭас иамоу аҧсуароуп. Аҧсуара ҕəҕəаны иаанкыланы, узавымсуа аҟаҵаразы аџьабаа ҕəҕəа батəуп, иамоу агьама мыӡроуп", — ҳəа ихəыцрақəа хиркəшеит аҵарауаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0