Ашәҟәыԥхьара иаамҭоуп: мшаԥы ҩба ахәыҷтәы шәҟәы иамшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДетская литература на абхазском языке
Детская литература на абхазском языке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 2 Ахәыҷтәы шәҟәы иамшуп. Гагратәи ақалақьтә библиотека ахәыҷтәы литературазы шаҟа ибеиоу еилылкаарц ашәҟәыԥхьарҭа даҭааит ажурналист Саида Жьиԥҳа.

Аӡәгьы изы имаӡаӡам, иахьа ҳаилазаара иалаҵәаз атехнологиақәа итрадициатәу акьыԥхь рхәаҽуа ишалагаз. Аха уеизгьы аҭаацәеи, арҵаҩцәеи ахәыҷқәа ашәҟәыԥхьара агәыбылра ддыркуеит. Уи ус шакәугьы агәра ҳлыргеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Гагратәи ақалақьтә библиотека №1 аусзуҩ Сариа Ԥлиаԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Гагратәи ақалақьтә библиотека №1 аҿы ицәыргоу ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара 11 000 ыҟоуп, урҭ рахьтә 1500 ахәыҷқәа ирзынархоуп. Ҵыԥхтәи ашықәс иалагӡаны, ари абиблиотека иадҵаалеит хәышықәса инадыркны жәашықәсанӡа зхыҵуа 300-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ реиҳараҩык рҭаацәа инаргон.

Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сариа Ԥлиаԥҳа: ашәҟәыԥхьара аҵас аԥсы ҭоуп

"Ҳара ҳбиблиотекахь имҩахыҵуа ахәыҷқәа рҭаацәеи, мамзаргьы рырҵаҩцәеи ирыдырҵо арҿиамҭақәа иразҵаауеит. Иҟоуп зхатә интерес аарԥшны иахьатәи авторцәа рҩымҭақәа зго. Аԥхьаҩцәа хәыҷқәа аԥсуа лакәқәа рыдагьы хшыҩзышьҭра арҭоит аурыси, аҳәаанырцәии алитература", - ҳәа азгәалҭеит абиблиотека аусзуҩ Сариа Ԥлиаԥҳа.

Аԥсуа хәыҷтәы шәҟәқәа рахьтә еснагь анапаҿы иҟоуп Дырмит Гәлиеи, Рушьбеи Смыри, Гәында Сақаниаԥхаи рырҿиамҭақәа. Гәахәарыла ирыԥхьоит Нарҭтәи аепос. Сариа Ԥлиаԥҳа лажәақәа рыла, уи х-версиакны ирымоуп, аԥсышәалеи урысшәалеи иҭыжьу ҳмилаҭтә версиа, убас урысшәала иҩу ауаԥси, ҟабардатәи аверсиақәа.

"Акыр ҵуеит иаҳзаарымгеижьҭеи ажурнал "Амцабз", уигьы иҿыцны ианҳауоз ахәыҷқәа адҵаалон. Гагратәи абжьаратә школ №1, ажәабатәи акласс аҵаҩы Алан Булиа иажәенраалақәа анылахьеит аҟнытә ари ажурнал аинтерес изамоуп", - инаҵылшьит Ԥлиаԥҳа.

Гагратәи абиблиотека №1 ашәҟәыԥхьарҭатә зал амаӡам, аха уеизгьы ауадаҟны ирызгылоуп аҭааҩцәа зыдтәало аишәа. Ари алшара зхы иазырхәо ахәыҷқәа маҷыҩӡам. Абиблиотека аусзуҩцәа ашәҟәыԥхьара иазҿлымҳау ацхыраареи, абжьагареи рырҭоит. Дара рыбзоурала абиԥара ҿа ирымоуп аҭагылазаашьа ахәыҷтәы литература инарҵауланы агәылалара.

Сариа Ԥлиаԥҳа инаҵылшьит, иахьа ашәҟәыԥхьара шьцылараны ишьҭызхуа ахәыҷқәа ашьаҭа ахьроуз аҭаацәараҿы шакәу. Уи анаҩс арҵаҩцәа агәыбылра ддыркуеит.

Иахьатәи ҳаамҭазы, аԥсуа хәыҷқәа аҳәаанырцәи аклассикцәа Ханс Кристиан Андерсен, Шарль Перро, Даниель Дефо, Џьанни Родари, аурыс авторцәа Едуард Успенски, Самиул Маршак рҩымҭақәа пату рзақәуп. Аха зегь раасҭа бзиа ирбо британиатәи ашәҟәыҩҩы Џьоан Роулинг лакәзаап. Сариа Ԥлиаԥҳа иазгәалҭеит быжь-хәҭакны иҟоу афонтастикатә ҩымҭа "Гарри Поттер", еснагь аԥхьаҩцәа рнапаҿы ишыҟоу. "Ақьаадгьы дырхеит, џьара-џьара аҷабгақәа рхьаҳшьхьеит" - лҳәоит лара.

© Sputnik / Саида ЖибаАҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/2
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
© Sputnik / Саида ЖибаАҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа лколлектив
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа лколлектив - Sputnik Аҧсны
2/2
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа лколлектив
1/2
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
2/2
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа лколлектив

Абиблиотека аусзуҩ еиҭалҳәеит, аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа уажәшьҭа зҿлымҳара шарҭо Баграт Шьынқәба ирҿиамҭа "Ацынҵәарах", Иван Папасқьыр иҩымҭа "Аԥҳәыс лыпату", Адиле Аббас-оглы лнысымҩа "Моя Абхазия-моя судьба", Нелли Ҭарԥҳа лажәабжьқәа, Миха Лакрба иновеллақәа.

Иахьатәи ҳҭагылазаашьа инақәыршәаны, Сариа Ԥлиаԥҳа аԥхьаҩцәа хәыҷи-дуи ирабжьалгеит акарантинтә аамҭа рхы иархәаны макьана аҩны ирымоу ашәҟәқәа ирыԥхьаларц. Абиблиотека аусура анхацыркхо, "бзиала шәаабеит" ҳәа аалыцҳаит.

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы шәҟәы амш шьақәырӷәӷәан мшаԥы ҩба, 1967 шықәсазы, Ханс Кристиан Андерсен иира амш аҽны, икоммерциатәым аиҿкаара Жәларбжьаратәи ахәыҷтәи ақәыԥштәи литература Аилак аԥшьгарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0