АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 954-ҩык коронавирус рыдырбалеит, урҭ рҟынтәи 30-ҩык хәыҷқәоуп. Урыстәыла арегионқәа 49 рҿы ирбахьеит ҳәа аанацҳауеит COVID-2019 аҿагыларазтәи аоперативтә штаб.
Москва 591 хҭыс аарԥшуп. Зынӡа аҳҭнықалақь аҿы 4 484 хҭыс азгәаҭоуп. Убри аан, 85% апациентцәа 65 шықәса иреиҵоуп.
Урыстәыла иааидкыланы 758 000 тест мҩаԥгоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Акоронавирус азы алаҵа аԥстәқәа рҿы иԥыршәеит Ҭырқәтәыла
-
Еилкаахеит амҵқәеи акәыбрқәеи аҿкы еиҭагаҩыс ишыҟам