Урыстәыла медицинатә хархәагақәак рганахь ала аԥкырақәа аларгалеит

CC0 / / Коронавирус
Коронавирус  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 954-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, урҭ рҟынтәи 30-ҩык хәыҷқәоуп. Урыстәыла арегионқәа 49 рҿы ирбахьеит COVID-2019.

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра амедицинатә хархәага хкқәак рганахь ала аԥкырақәа аларгалоит. Арахь иаҵанакуеит асабардақәеи анапҭарԥақәеигьы. Абри азы ақәҵара кьыԥхьуп Аминистрцәа реилазаараа саит аҟны.

Аԥкыра зыдгалоу атауарқәа рахь иаҵанакуеит:

  • афильтрациатә респираторқәа,
  • амедицинатә сабардақәеи анапҭарԥақәеи,
  • акасыш,
  • знык ахархәара зырҭо амедицинатә еидкылақәа,
  • аҽыхьчаратә медицинатә цәамаҭәа,
  • актәи амедико-санитартәи актәи ацхыраареи рыҭаразы аграждантә хьчараз ихаҭалатәиу амедицинатә еидкылақәа.

Арегионқәа реиқәыршәаразы ақәҵара инақәыршәаны Афедералтә оператор-координаторс иҟалоит аҳәынҭкорпорациа "Ростех" иаҵанакуа "Корпорация "Росхимзащита".

Уи адагьы афармацевтә усура азы азин ҷыда – алицензиа змам аиҿкаарақәа арҭ ахархәагақәа рыҭиреи раахәареи азин рымхуп.

Убри аан атауар аахәамҭа аҟынтәи зацҵара ҟало 10% ракәхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0