Акарантин аамҭазы Аԥсныҟа иааит 894-ҩык ауаа

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Псоу
Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адҵа ҟаиҵеит ареспубликахь иаауа ауааԥсыра хымԥада хазы рыҟазааразы ақәҵара архиаразы.

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Хәажәкыра 25 инаркны Аԥсны-Урыстәыла рҳәаа иахысны ареспублика аҵакырахь иҭалеит 894-ҩык ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы иҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

Хәажәкыра 25 раахыс аҳәааҿы иҷаԥшьоит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа.

Кәыҵниа иажәақәа рыла, аҳәаа иахысыз реиҳараҩык Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа роуп. Урҭ аҳәаа ишахыслак, рҭыԥ ахь инарышьҭуеит.

"Хәажәкыра 25 раахыс зшоура +37 градус иҟоу фҩык ауаа роуп аҳәаа иахысыз. Абасеиԥш аан ҳусзуҩцәа иаразнакы Агәабзиарахьчара аминистррахь аҭел иасуеит, адырра ҟарҵоит абарҭ ауаа 14 мшы аҽыԥхьакратә режим ишахысуа гәарҭаларазы. Арежим иахьынӡақәныҟәо атәы аҳәара уадаҩуп, аха ашоура змаз аҳәаа иахысит урҭ рзы дыррак ыҟамкәа ҳәа ирҳәо мцуп", - иҳәеит иара.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иҳәеит аҳәаа анадыркы ашьҭахь Аԥсны атәылауаа ареспубликахь иаар шалшо.

Иара иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа ҷыда алагалахаанӡа ҳтәылауаҩ аԥсуа паспорт ала аҳәаанырцә дцазар, иара дхынҳәыр илшоит иара уи апаспорти амиграциатә шәҟәыбӷьыци иманы.

Аҳәаа урыстәылатәи апаспорт ала дахысзар, ма амиграциатә шәҟәыбӷьыц имамзар, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ахынҳәразы аршаҳаҭга иоуроуп. Ари аҩыза азин зауа Аԥсны ауааԥсыра рымацара роуп ҳәа иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0