Аилагарақәа аҭыԥ рымоуп: Кан Кәарҷиа ақалақь аинспекциа азиуит

© Sputnik / Марианна КубраваАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа ақалақь акрыфарҭақәеи адәқьанқәеи дырҭааит акоронавирус аҿагыларазы ауснагӡатәқәа ишрықәныҟәо агәаҭаразы.

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа 80 обиект инарзынаԥшуа асанитартә нормақәа еилаганы аус руеит, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура, аҳҭнықалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа ақалақь акрыфарҭақәеи адәқьанқәеи рҟны имҩаԥигаз агәаҭарақәа рышьҭахь.

Аинспекциатә гәыԥ иалахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, УБЕП, ақалақь ахадара рхаҭарнакцәа, асанитартә ҳақьым хада.

"Ҳара ауаа ираҳҳәоит иҟоу аҭагылазаашьаан ахымҩаԥгара шаҭаху, аха ирзеилымкаар еиҳа ирымчу ауснагӡатәқәа рыдаагалоит", - иҳәеит Кан Кәарҷиа.

Аиҳабыра акрыфарҭатә обиектқәа русура ԥктәуп ҳәа шазгәарҭазгьы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аус зуаз акаҳуажәырҭақәа "Чегем"  "Бариста" адыркит.

Аинспекциатә гәыԥ иара убасгьы иазгәарҭеит адәқьанқәа рҿы атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валелри Бганба аҭааҩцәа рымаҵ ауразы аусура арежим еиҭактәуп ҳәа аусдҵа шыҭижьызгьы (аҿышәҭатә ҟазшьала ахәаахәҭра) аилагарақәа шыҟаз.

"80 обиект рҟынӡа ари аусдҵа иқәымныҟәеит. Иахьа урҭ еиҭахгьы ргәы рҽанаҳҵеит", - ҳәа лҳәеит Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.

Лара лажәақәа рыла, Аҟәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьаӡам, аха амедицинатә усзуҩцәа рабжьагарақәа ирықәныҟәалатәуп.

Кәарҷиа ақалақь ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ашәарҭара ду аҿаԥхьа атәыла аиҳабыра рыдҵақәа ирықәныҟәаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0