Аԥсны иахьаҵанакуа ахԥатәи ауаҩы акоронавирус ихьит

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны иахьаҵанакуа ахԥатәи ауаҩы акоронавирус ихьит
Аԥсны иахьаҵанакуа ахԥатәи ауаҩы акоронавирус ихьит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зыхьыз зегьы раԥхьаӡа ари ачымазара злаҽыз ҳәа иаарԥшыз ахаҵа иныруаз роуп.

АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны ахынтә раан ишьақәыргылоуп акоронавирустә ҿкы, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб. 

"Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы акоронавирус рылоу ирыламу аилкааразы атест иахыжьын хәҩык. Урҭ рахьтә ԥшьҩык акоронавирус шрыламыз шьақәырӷәӷәан. Аӡәы акоронавирус азы дызхысыз атест COVID-19 шилаз аанарԥшит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ичмазаҩхаз ауаҩы Гагра дынхоит, 1925 шықәсазы диит. Уажәы уи иҽыԥхьакны дыҟоуп, аспециалистцәа ихылаԥшуеит. Уи иҭагылазаашьа бжьаратәла иуадаҩуп ҳәа азырԥхьаӡоит.

Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ аилагаразы жәохәҩык ааныркылеит - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ аилагаразы жәохәҩык ааныркылеит

Убас ала, иахьатәиала Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз хҩык ауаа ыҟоуп.

Раԥхьатәи апациентцәа ҩыџьа Гәдоуҭа ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп, урҭ рҭагылазаашьа аицәахара иаҿӡам.

Мшаԥы 7 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа официалла ишьақәырӷәӷәан акоронавирус ауаҩԥсы ихьит ҳәа ахҭыс. Уи идырбалеит Гагра ақалақь аҿы инхо ауаҩы, иара хәажәкыра 29 рзы Москвантәи дхынҳәит, мшаԥы 6 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аҩбатәи ахҭыс аарԥшын мшаԥы 8 рзы. Адиагноз лзықәдыргылеит раԥхьа акоронавирус зыхьыз ахаҵа иныруаз аԥҳәыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0