Ақыҭақәеи аҳаблақәеи рхадацәа аҳәаанырцәынтә иааз рыҽшыԥхьаркуа иахылаԥшлоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДорога в село Верхняя Эшера в Сухумском районе
Дорога в село Верхняя Эшера в Сухумском районе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба мшаԥы 11 рзы Гагра араион ахадара ахыбраҿы имҩаԥигеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкыз аизара.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Ақыҭақәеи аҳаблақәеи рхадацәа аҳәаанырцәынтәи Аԥсныҟа иааз атәылауаа рҽыԥхьакра арежим иахылаԥшлоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.

"Аԥсныҟа иаауа ауаа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа еиҵахоит, аха урҭ зегьы рҽыԥхьаркроуп, аӡгьы инырыр ҟалом. Еиҳарак урҭ Урыстәыла ахәышәтәразы иҟан иаауа роуп. Урҭ аҽыԥхьакра арежим иахьынӡақәныҟәо гәарҭарц ирыдуп ақыҭақәеи аҳаблақәеи рхадацәа, урҭ ари адҵа изықәнагоу аусбарҭақәеи дареи еицымҩаԥыргалоит", - иҳәеит Џьениа.

Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо иазгәеиҭеит ақыҭақәа уҳәа рхадарақәа рахь Аԥсныҟа ихынҳәыз ауаа рсиақәа нарышьҭлоит.

Гагра ақалақь аҟны акоронавирус зыхьыз ауаҩԥсы дшыҟоу мшаԥы 8 рзы ианышьақәыргылаха ашьҭахь уа акоменданттә сааҭ арежим аԥҵан 20:00 инаркны 7:00 сааҭ рҟынӡа. Владимира Џьениа излеиҳәаз ала, араион аҟны автотранспорттә хархәагақәа рхыԥхьаӡара акыр еиҵахеит. Урҭ иҵегьы агырхаразы, анаплакқәеи аиҿкаарақәеи русзуҩцәа иҷыдоу транспортк ала инарга-ааргоит.

Карета скорой помощи  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 зыхьыз абырг ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкит

"Еиҳа аҭагылазаашьа уадаҩуп акоменданттә сааҭ аан, аха уеизгьы аҭагылазаашьа еиӷьхоит есҽны. Раԥхьа ауааԥсыра ирзеилкаауамызт ари аҩыза ақәиҭымтәрақәа залагалатәыз. Аха уажәшьҭа еиҳа ирыдыркыло иалагеит, избанзар АИХқәа рҟны аус здыруа аекспертцәа, адепутатцәа, уҳәа ашәарҭара зеиԥшроу атәы рҳәоит, уи анырра рынаҭоит", - инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьениа.

Асабша, мшаԥы 11 рзы Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит Аԥсны ахынтә раан акоронавирус хҭыс ҟалеит ҳәа. Дычмазаҩхеит аԥҳәыс бырг, 1925 шықәсазы ииз, лара раԥхьа ичмазаҩхаз, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы COVID-19 рыманы ишьҭоу ҩыџьа ахьынхо аҩнаҿы дынхоит. Лара лҭагылазаашьа бжьаратәла ихьанҭоуп ҳәа азырԥхьаӡоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0