COVID-19 зыхьыз абырг ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкит

© Sputnik / Томас ТхайцукКарета скорой помощи
Карета скорой помощи  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 ахԥатәи ауаҩԥсы ихьит ҳәа.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Акоронавирустә инфекциа здырбалаз абырг ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.

"Лара дынхоит акоронавирус раԥхьа издырбалаз ҩыџьа ахьынхоз аҩналарҭаҿы. Лара ахәышәтәырҭахь ацара мап ацәылкуеит, аҳақьымцәа уажәы илацәажәоит дақәшаҳаҭхарц. Абырг лхала дынхоит", - иҳәеит Џьениа.

Иара иажәақәа рыла, изықәнагоу амаҵзурақәа ари аҩнеихагылаҿы алифтқәеи, аҩналарҭақәеи, амардуанқәеи рдезинфекциа аҟаҵара ргәы иҭоуп.

Аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ичмазаҩхаз абырг Гагра дынхоит, 1925 шықәсазы диит. Аспециалистцәа уи лҭагылазаашьа бжьаратәла иуадаҩуп ҳәа азырԥхьаӡоит.

Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ аилагаразы жәохәҩык ааныркылеит - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ аилагаразы жәохәҩык ааныркылеит

Убас ала, иахьатәиала Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз хҩык ауаа ыҟоуп.

Раԥхьатәи апациентцәа ҩыџьа Гәдоуҭа ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп, урҭ рҭагылазаашьа аицәахара иаҿӡам.

Мшаԥы 7 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа официалла ишьақәырӷәӷәан акоронавирус ауаҩԥсы ихьит ҳәа ахҭыс. Уи идырбалеит Гагра ақалақь аҿы инхо ауаҩы, иара хәажәкыра 29 рзы Москвантәи дхынҳәит, мшаԥы 6 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аҩбатәи ахҭыс аарԥшын мшаԥы 8 рзы. Адиагноз лзықәдыргылеит раԥхьа акоронавирус зыхьыз ахаҵа иныруаз аԥҳәыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0