Никита Хрушьиов
ЦК КПСС актәи амаӡаныҟәгаҩ Никита Хрушьиов 1964 шықәса, жьҭаарамзазы Пицунда иԥсы анишьоз ауп Кремль иҟамзаара рхы иархәаны имаҵура дшамырхыз шиаҳаз.
Леонид Брежневи Жорж Помпидуи
СССРи Франциеи рхадацәа Леонид Брежневи Жорж Помпидуи реиԥылара Пицунда имҩаԥысит хәажәкыра 12 1974 шықәса рзы. Аиԥылара АИХ рыларҵәаразы арахь иааит адунеи зегь аҟынтәи 150 –ҩык ажурналистцәа.
Владимир Высоцки
Владимир Высоцки ареспубликахь изныкымкәа даахьан. Пицундеи Аҟәеи рыҟазаараан Владимир Высоцкии Марина Владии еицҭырхуаз афотосахьақәа 1972, 1973 шықәса ҳәа рыҵаҩуп.
Иван Аивазовски
Асахьаҭыхыҩ Иван Аивазовски Пицунда иԥсшьара ашьҭахь иҭихыз асахьа иахьӡиҵеит "Аԥсны амшынҟәара ааигәара аԥшатлакә" ҳәа. Асахьаҭыхыҩ ара иаирбеит аурыс аибашьыгатә ӷба ачерқьез шхәа аанкыланы аҭыԥҳацәа аҭырқә тҟәара ианацәындырхоз ахҭыс.
Евгени Примаков
Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра рхантәаҩы Евгени Примаков 11.09.1998-12.05.1999 шықәсқәа рзы Пицунда иԥсы ишьон.
Сергеи Михалков
Урыстәыла агимн автор Сергеи Михалков изныкымкәа Пицундаҟа даахьан. Иара убасгьы арахь изныкымкәа иаахьан иԥацәа - Никита Михалкови Андрон Кончаловскии.
Лиудмила Гурченко
СССР жәлар рартистка, аестрадатә шәаәҳаҩы Лиудмила Гурченко Пицунда лыԥсшьара адагьы арҿиаратә хәылԥазқәагьы мҩаԥылгахьан. 2010 шықәса рзы акинофестиваль "Страна души" ицымҩаԥылгон Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа.
Раԥхьатәи акинофестиваль "Страна Души" аартын 2008 шықәса рзы. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны арахь иааит: Михаил Пореченков, Гоша Куценко, Никита Джигурда, Андреи Соколов, Лев Дуров, Анатоли Кузнецов, Илона Броневицкаиа, Иана Поплавскаиа, Ольга Кормухина, Андреи Мерзликин, Олег Акулич, Павел Сборшьиков, Евгени Воскресенски, Александр Цуркан, Борис Грачевски.
Евгени Евтушенко
Асовет поет, асценарист, апублицист Евгени Евтушенко Пицунда иԥсшьара адагьы Аԥсны адача иман. Ароуп раԥхьатәи рҭаацәаратә мзы ахьеицырхыргаз Евгени Евтушенкои Белла Ахмадулинеи 1954 шықәса рзы.
Пицунда инхо Иури Ҭориа иажәақәа рыла ара рыԥсы ршьахьан: Анне Вески, Полад Биульбиуль-оӷлы, Иосиф Кобзон.