Ахәшәқәеи аныхратә материалқәеи аашьҭуп: Аԥсны ахәышәтәырҭақәа ацхыраара роуит

Анапаҵаҩра
Ачымазара ҿкы акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны мшаԥы 20-нӡа аҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп.

Москватәи аԥсуа диаспореи Аԥсны абизнесуаа еидызкыло ахеилак "Ҳара ҳаицуп" рыбзоурала Аԥсны агәабзиарахьчара иатәу амедицинатә усҳәарҭақәа рзы иааган ахәшәқәеи аныхратә материалқәеи. Агуманитартә цхыраара Аԥсны акоронавирус аҿагылара иазырхоуп. Иаагоу амедицинатә хархәагақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: арециркулиаторқәа, ареспиратортә сабрадақәа, арыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппаратқәа, асабрадақәа, ахьчаратә бласаркьақәа.

Аԥсны агәабзиарахьчара ахаҭарнак иажәақәа рыла, ацхыраара рыҭахоит ахәшәтәырҭақәа зегьы, еиҳарак - Гәдоуҭатәи.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп хҩык.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0