00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа иамшныҳәоуп иахьа
13:19
6 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәа амшныҳәа аҽны ацәыргақәҵа аартхоит
13:45
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә класс мҩаԥган
13:49
13 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
14:44
11 мин
Дополнительное время
Международный туринир по баскетболу памяти С. Багапш в 15-й раз проходит в Абхазии
14:55
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Киевтәи архив асовет тҟәацәа рсиаҿ иану аԥсуа иҭынхацәа рыԥшаара хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивные документы
Архивные документы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атҟәацәа рсиа аҭоурыхдырыҩ ирҭеит асовет солдаҭцәа анышә иахьамадоуи дара рзы адыррақәеи зыԥшаауа Украинатәи аԥшааратә гәыԥ аҟынтәи.

АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны, Очамчыра араион аҿы ииз Ешба Владимир Сидор-иԥа Киевтәи аобласт аҳәынҭқарратә архив аҿы иҵәахыз асовет тҟәацәа рсиаҿ данын. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зхуа Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.

"Атҟәацәа рсиа шьақәыргылан 1941-1942 шықәсқәа рзы Киевтәи аобласт, Белаиа Церковь ақалақь агоспиталь аҟны ахәышәтәра иахысуаз зныз агоспитальтә шәҟәы ҵаҵӷәыс иҟаҵаны. Асиа шьақәдыргылт ақалақь аокуппациатә напхгара. Асиа ианын зықьҩык инарзынаԥшуа. Урҭ рҟынтәи 552-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Руаӡәк Аԥсны датәылауаҩын", - иҳәеит Медвенски.

Адокументқәа инарықәыршәаны Владимир Ешба 1918 шықәса рзы Очамчыра араион ажәытә Кындаӷ диит. Дытҟәан 1941 шықәса абҵарамзазы. Белаиа Церковь агоспиталь ахь днаган ԥхынҷкәын 11 рзы. Хымш ааҵуаны иԥсҭазаара далҵит.

Ветеран Великой Отечественной войны В. И. Запорожченко  - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз Аԥснытәи асолдаҭ игәакьацәа рыԥшаара иаҿуп

Адокументқәа рыла анышә дамадоуп аиашьаратә ԥсыжырҭаҿы, аха аԥшааҩцәа ргәаанагарала иԥсыз атҟәацәа зегь уа ижымзар ҟалоит.

"Уажәазы ихадоу иуа-иҭынха рыԥшаароуп. Ҳгәаанагарала 22 ма 23 шықәса ихыҵуан даныԥсуаз. Иҟалап аҭацәара далалахьазҭгьы. Ус акәымзаргьы иуа-иҭахы ҟалоит. Џьара аӡәы дигәаламшәо ҟалашьа амам", - иҳәоит Медвенски.

Медвенски иҳәеит акарантин аамҭа анахыххалак Владимир Ешба изку адыррақәа рыԥшаара дшалаго аҭыԥантәи архивқәа, аҩнытә усбарҭақәа рҟны. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, аԥшаарақәа ишрыцҵахо, иҭахаз рыдагьы зыԥсы еиқәхаз рыԥшааразгьы.

Атҟәацәа рсиа аҭоурыхдырыҩ ирҭеит асовет солдаҭцәа анышә иахьамадоуи дара рзы адыррақәеи зыԥшаауа Украинатәи аԥшааратә гәыԥ аҟынтәи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0