Схаҭагьы сҳақьымын: акоронавирус змоу аԥҳәыс бырг лчымазара аҩны илхылгарц лыӡбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГагрский изолированный дом
Гагрский изолированный дом  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ихьаҵанакуа хҩык Гагра ақалақьуаа акоронавирус рыдбалоуп. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа ахәышәтәырҭа иҭоуп.

АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ақалақь аҿы инхо, акоронавирус змоу аԥҳәыс бырг лыҩны дыҟоуп. Лара ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкит, аспециалистцәа уи лҭагылазаашьа бжьаратәла иуадаҩуп ҳәа азырԥхьаӡоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.

Карета скорой помощи  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 зыхьыз абырг ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкит

"Лара аҩны даангылеит. Ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкит. Асанитар-епидемиологиатә маҵзура ахылаԥшра лнаҭоит. Лара лхаҭа уаанӡа дҳақьымын. Уажәгьы аҳақьымцәеи лареи еимадоуп", - иҳәеит Џьениа.

Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿ игылоу аҩнаҟны акоронавирус змоу хҩык ауаа ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп. Урҭ рҭагылазаашьа аицәахара иаҿӡам. Аҩны амилициа акәыршаны игылоуп. Аӡәгьы дыҩнарыжьлом, аӡәгьы ддәылрыжьуам. Аԥхьанатә уи агәынамӡара цәырнагазаргьы нас ауаа еилыркаауа иалагеит ари ззырхоу дара рхаҭақәа ршәарҭадара шакәу.

Џьениа иажәақәа рыла, изықәнагоу амаҵзурақәа ари аҩнеихагылаҿы алифтқәеи, аҩналарҭақәеи, амардуанқәеи рдезинфекциа ҟарҵеит.

Убас ала, иахьатәиала Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз хҩык ауаа ыҟоуп.

Мшаԥы 7 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа официалла ишьақәырӷәӷәан акоронавирус ауаҩԥсы ихьит ҳәа ахҭыс. Уи идырбалеит Гагра ақалақь аҿы инхо ауаҩы, иара хәажәкыра 29 рзы Москвантәи дхынҳәит, мшаԥы 6 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аҩбатәи ахҭыс аарԥшын мшаԥы 8 рзы. Адиагноз лзықәдыргылеит раԥхьа акоронавирус зыхьыз ахаҵа иныруаз аԥҳәыс. Аамҭақәак рышьҭахь коронавирус лыдбалан 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс бырг.

Мшаԥы 8 раахыс Гагра араион аҿы иалагалоуп акоменданттә сааҭ. Џьениа иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аха иҟоуп аиҳабыра рыдҵақәа еилазгогьы. Хәмш рыҩныҵҟа иаанкылан 103-ҩык азинеилагаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0