Гагратәи аҩнеихагыла мчыбжьык ахы-аҵыхәала акарантин ахырхуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди в изолированном доме
Люди в изолированном доме  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра, Абазгаа рымҩала игылоу жә-еихагылак змоу аҩны азинхьчаҩцәа акәшаны иркын уа инхо руаӡәык акоронавирус анидырбала аамышьҭахь.

АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи аҩнеихагыла алкра аанкылахоит хәба-быжьба мшы рыҩнуҵҟала ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аҳәаақәҵаҩ Рауль Лолуа.

Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа ихынҳәуа ҳтәылауаа 14 мшы ҳәа Аҟәатәи асасааирҭаҿы иԥхьаркуеит

"Хәымш-бжьымш рыла Гагратәи аҩнеихагыла иақәыз акарантинтә ԥкрақәа ақәхзаауеит. Жәохә мшы ичҳатәын, абри аҿҳәара шьҭа иааигәахоит. Аҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп, аха уа дынхоит уажәыгьы зчымазара иалымгац 95 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс бырг. Лара ахылаԥшра ҷыда лымазаауеит", – иҳәеит Лолуа.

Мшаԥы 7 рзы Гагра ақалақь, Абазгаа рымҩала игылоу аҩнеихагыла иакәшаны иркит азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, уа инхоз руаӡәы акоронавирус шимоу анышьақәырӷәӷәаха ашьҭахь. Ачымазаҩ Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы дышьҭарҵеит. Аамҭак ашьҭахь уа дларгеит аҿкы здырбалаз иара иԥҳәысгьы.

Мшаԥы 11 рзы еилкаахеит акоронавирустә ҿкы COVID-19 лцәа ишалоу дара ргәылара инхо 95 шықәса ирҭагылоу аԥҳәыс. Аха лара ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкит.

Акоронавирус аҿагыларазы аоперативтә штаб мшаԥы 17 рзы адырра ҟанаҵеит раԥхьа аҿкы здырбалаз апациент игәабзиара ашьақәгылара ишаҿу: агәаҭара иаанарԥшит аҿкы уаҳа ицәа ишалам. Уи ахәышәтәырҭа илҩаара даздырхиоит. Егьырҭ аҩыџьагьы рҭагылазаашьа уацәшәартә иҟам.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0