Ақалақь аҿы акәу, ақыҭаҿы акәу: акарантин ахгара иаҳа иахьыманшәалоу

© Sputnik / Томас ТхайцукЦветущие деревья, весна на дворе
Цветущие деревья, весна на дворе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭараҿы акарантин ахгара аманшәалара адагьы, иахьазы уи хадароуп. Ауаа рацәа ахьеилоу ачымазара ҿкы иаҳа ирласны иҿиоит ҳәа иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә ари аҭагылазашьааҿы ақыҭа аиааира агоит ақалақь аасҭа ҳәа агәаанагара лымоуп зхаҭа ақыҭаҿы акарантин зхызго Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Абар шьҭа мызкы ҵырц егьагым ҳаҩнқәа рҟны ҳҽыԥхьакны ҳтәоуижьҭеи. Џьоукы ари аамҭа рхы анрааланы феида алыргозар, даҽа џьоукы рхы ахьыргара рзымдыруа иқәхеит. Акарантин раԥхьатәи амчыбжьқәа иаҳа иҭышәынтәаланы имҩаԥысуазҭгьы, уи аԥҟарақәа еилазго шыҟоугьы, аҿкы чымазара зыхьыз ҳәа раԥхьатәи ауаҩы ихьӡ анырҳәа нахыс ишәаӡыӡоз иаҳагьы ишәаӡо иалагеит, усс изымкуаз иаҳагьы агәрамгара аадырԥшуа иҟалеит. Иҟалап, агәрамгаратә знеишьагьы ахыхьчара иахьахәо ыҟазар, "зыгәра уго ауп иҟало" рымҳәои.

Мужчина за ноутбуком  - Sputnik Аҧсны
Акарантин аамҭа

Егьырҭ атәылақәа рҿырԥштәқәа ишаҳдырбо ала, иаҳа ашәарҭара иҭагылоу ауаа рацәа ахьынхо ақалақьқәа роуп. Иҭахы-иҭахым ақалақь аҿы инхо дәқьанк ахь дындәылҵроуп, ахәшәҭирҭахь днеироуп, ма гәамсамк аҩны идәылган икаижьроуп. Иаҳагьы ирцәыхьанҭоуп ахатәы ҩны акәымкәа, ауаҭахқәа ирыҩноу ауаа. Мызк дуӡӡа ҳауа цқьак имфаӡо ауаҩы адәахьы мдәылҵшьас имоузеи, уи дду, дхәыҷы? Зых иақәиҭу ауаҩы ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы ҳәарада аԥҟара еилеигалоит, уи иара игәабзиара ашәарҭара иҭанаргылар шауа шидыруагьы.

Акарантин раԥхьатәи амчыбжь ақалақь аҿы иаҳхаагеит сҭаацәагьы саргьы. Ахәыҷқәа ауада идәылымҵӡо ишыуадаҩхоз анызба, дара рызгьы сара сызгьы, саргьы аԥҟара еилазган ахәыҷыхәмарырҭахь изгеит (уаҟа сара сеиԥш аԥҟара еилагаҩцәа маҷмызт). Усҟан ари ахыԥхьакра асҟак еиҵыххоит ҳәа ҳаҟамызт. Насоуп ақыҭарахь ҳцар иаҳа еиӷьуп ҳәа ҳгәы ианаанага.

Иазгәаҭатәуп, ақыҭа ари аҭагылазаашьаҿы иаҳа аиааира шаго ақалақь аасҭа. Избанзар, ақыҭараҿы иҟоу "дҭакӡам", ихақәиҭра ҭбаауп, адәы дықәуп заҟа иҭаху, убри аан аӡәгьы игәабзиара ашәарҭара иҭаиргылом, иара ихаҭа итәгьы хьчоуп. Иҩбахаз, ақыҭа аалыҵқәа ухы иаурхәозар, адәқьан ахь аныҟәарақәагьы иаҳа иумарҷыр алшоит. Адәқьан ахь уцозаргьы, ақыҭа адәқьанқәа ирыҩнало, ирдәылҵуа ахәаахәҭцәа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷуп.

Ҳәарада ақыҭараҿгьы игәоуҭоит аԥҟара аилагарақәа, аиҳаракгьы аԥсра-абзара рахь аныҟәарақәа рганахьала. Акарантин раԥхьатәи амшқәа рзы араҟагьы агәылацәа еиҭанеиааиуазҭгьы, уажәы иаҳа рыҽшныркыло гәаумҭар залшом. Иазгәаҭатәуп, аԥҟара еилазго аиҳарак ахацәа шракәу аҳәса раасҭа, изларҳәо ала, дара ахацәа роуп ари ачымазара аганахьалагьы иаҳа ашәарҭа иҭагылоугьы.

Исызҳәом акарантин сара сыԥсҭазаара аԥсахит ҳәа, ақалақь аҟынтәи ақыҭахь сахьиасыз атәы аласымҵозар (уаанӡагьы аԥсшьарамшқәа ахьаҳхаагоз ақыҭаҿы акәын). Уимоу аҩнынтәи аусура иаҳагьы исзыманшәалоуп, сара сзанааҭ зеиԥшроу ала, аофис аҟны атәара хадараӡам, аусуратә уада уҩны иаԥҵазар.

Акарантинтә аамҭа рыхгара аҿар раасҭа еиҳабу абиԥара иаҳа ирцәыуадаҩушәа збоит. Аҿар иаҳа ирласны аҽеиҭакра, аамҭа аҽақәыршәара рылшозар, аиҳабацәа изышьцылахьоу аԥсахра рҭахӡам. Ҳәарада зегьы еиԥшым, досу иазыҟазаашьа зеиԥшроу еиԥш ауп аха...

Набережная Махаджиров  - Sputnik Аҧсны
Акарантини акарантинбжеи: аԥсуаа апандемиа ишақәныҟәо

Ақыҭараҿы акарантин ахгара аманшәалара адагьы, уи хадароуп. Ақалақь аҿы инхо ауаа рхыԥхьаӡара иаҳа иагхартә иҟаҵатәуп, избанзар ауаа рацәа ахьеилоу рыҩнуҵҟа ачымазара ҿкы иаҳа ирласны иҿиоит. Ацәаҳәа еиқәаҵәеи ацәаҳәа шкәакәеи еснагь рҽеиҭнырыԥсахлоит. Иҟам ҭагылазаашьакгьы абзиара злыумгар амуа.

Уажәы анхамҩаус ишаамҭоу ала, ақалақь аусуратә мчқәагьы ақыҭахь идырхар, аҳәынҭқаррагьы анхамҩа ашьҭыхразы анхацәа ацхыраара рзаԥшьыргар, ҳхатәы аалыҵқәагьы реиҳатәра залыршахоит аҳәаанырцәынтәи иаарго еиҵатәуа, насгьы аԥхынтәи атуризм мацара еснагь уақәгәыӷуа узтәом…

Автори аредакциеи ргәаанагара еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0