"Аиҭар" адиректор гәдоуҭатәи амедусзуҩцәа асасааирҭаҿы рыҟазаара далацәажәеит

© Foto / предоставлено Тимуром АдлейбаГостиница "Айтар"
Гостиница Айтар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачымазара ҿкы акоронавирус зыхьуа ишиашоу ирымадаз ԥшьҩык амедикцәа акарантин рхыргарц иаарышьҭит Аҟәа иҟоу асасааирҭа "Аиҭар" ахь. Амедусзуҩцәа абра ҩы-мчыбжьа аҽыԥхьакра арежим иахысроуп.

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Акоронавирус зыхьуа Аԥсны атәылауаа ахәышәтәра иахьахысуа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа рыҷаԥшьара аамҭа хыркәшаны акарантин рхыргарц иаарышьҭит Аҟәа иҟоу асасааирҭа "Аиҭар" ахь ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит асасааирҭа адиректор Ҭемыр Адлеиба.

Цветущие деревья, весна на дворе - Sputnik Аҧсны
Ақалақь аҿы акәу, ақыҭаҿы акәу: акарантин ахгара иаҳа иахьыманшәалоу

Иара иажәақәа рыла, аномерқәа еиқәыршәоуп ӡырԥхала, архьшәашәагақәа рыла, ателербагеи wi-fi ыҟоуп. Ауаа рыкрыфара-рыкрыжәра асасааирҭа ахадара ирхарџьуп.

"Ахәыҟаҵарҭаҿы афатә апластикатә боксқәа хаз-хазы еихшаны ирҭарҵоит. Афатә зныкхархәаратә чысмаҭәа аҟынтә ирфоит. Нас урҭ карыжьуеит. Ауаа ршоура ршәоит. Макьаназ шәарҭарак рыдбалам", - иҳәоит иара.

Адлеиба иҳәеит аԥхын аамҭазы заанаҵы ара анхара аҿазҵаз атуристцәа аҭел ишасуа, амедусзуҩцәа ара рынхара ашьҭахь шәарҭара ыҟоу иҟаму ҳәа.

"Ҳара ираҳҳәеит ара иҟоу ауаа акарантин иахысуа шракәу. Дара рышьҭахь аномерқәа зегьы арзҩыдара ишахыгахо", - иҳәоит Адлеиба.

Ачымазара ҿкы акоронавирус зыхьуа ишиашоу ирымадаз ԥшьҩык амедикцәа акарантин рхыргарц иаарышьҭит Аҟәа иҟоу асасааирҭа "Аиҭар" ахь. Амедусзуҩцәа ара аҽыԥхьакра арежим ҩы-мчыбжьа иахысроуп.

Апресс-маҵзура адыррала, аҽыԥхьакрахь ирышьҭыз амедицинатә усзуҩцәа зегьы ҷаԥшьон ҩы-мчыбжьа рыҩнуҵҟа. Уажәшьҭа урҭ рхаҭыԥан абригада ҿыц аусура иалагеит.

Абыржәаанӡа иҷаԥшьоз амедикцәа зегьы акоронавирус азы атест иахысит, урҭ ачымазара ҿкы шрылам шьақәыргылоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ҳажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0