Ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи раартра аламҭалаз арзҩыдара иахыжьхоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДезинфекция общественного пространства на Украине в связи с коронавирусом
Дезинфекция общественного пространства на Украине в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи, Аҳәынҭқарратә университети Аҟәатәи иаарту аинститути русура аанкылоуп лаҵара 4 рҟынӡа.

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҵаратә усбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа аҳҭнықалақь асанитартә ҳақьым лахь аҳәара ҟалҵеит аҵаратә усҳәарҭақәа раартра аламҭалаз арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥгазарц ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Дезинфекция завода Победит оборонно-промышленного комплекса - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруааи аԥснытәи арзҩыдаҩцәеи аобиектқәа рыӡәӡәара еицалагоит

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа мшаԥы 21 рзы ақалақьтә маҵзурақәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Иара иҳәеит ауснагӡатәқәа реиҳарак рыԥкра аҿҳәара лаҵара 1 аҟынӡа ишнахо.

Убри аан мшаԥы 20 инаркны лаҵара 1 аҟынӡа мчыбжьык ахь хынтә аус аулоит аџьармыкьа хада.

Кәарҷиа иҳәеит ари амзазы ахадара аусзуҩцәа аулафахәы рызшәара ауадаҩра аиургьы иааиуа амзазы ауалқәа зегь шәахоит ҳәа.

Хәажәкыра 28 инаркны ареспубликаҿы иалагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аҿҳәара ацҵара ахәҭаны ирымшьеит атәыла анапхгара.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иазгәаҭоуп хҩык авирус змоу ауаа.

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0