Авирус змоу ахԥатәи ачымазаҩ лҭагылазаашьа еиҭашәоит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПациент перед операцией
Пациент перед операцией - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 11 рзы коронавирус шлымаз шьақәыргылан 95 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс. Лара аԥхьа ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкит.

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс лҭагылазаашьа хьанҭоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гудаутская больница - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус аҟынтә зҽызхәышәтәыз раԥхьатәи ауаҩы дылрыҩааит

Лара уажәы Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҿ дышьҭоуп.

Акоронавирус раԥхьа издырбалаз ахаҵагьы макьаназы ахәышәтәырҭа дҭоуп, аха мышқәак рышьҭахь дылырҩаараны дыҟоуп.

Мшаԥы 21 рзы иара абри ахәышәтәырҭаҟынтә дылырҩааит аҩбатәи апациент.

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла быжьҩык атестқәа ирхысит. Урҭ аӡәгьы коронавирус идрымбалеит.

Аԥсны акоронавирус аҿагылара иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0