Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьал тҟәарчалтәи аџьармыкьа аусуразы: раԥхьатәи амш азы ихәаахәҭуази изҭиуази маҷын

© Foto / предоставлено Сурамом Джинджолия Сурам Джинджолия
Сурам Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи араионтә џьармыкьа аиҳабы Сурам Џьынџьал арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит аџьармыкьа аусура шхацнаркыз иара иазалхыз амшқәа инарықәыршәаны.
Раионк аԥсҭазаарҟнынтә: Џьынџьал тҟәарчалтәи аџьырмыкьа аусура иазкны

"Иахьоуп аџьармыкьа анааҳарт, ирацәаны ауаа ааит ҳәа сызҳәом, ихәаахәҭуазгьы изҭиуазгьы маҷын. Арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргаран иҟан аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа, аха амшцәгьа иахҟьаны аусурақәа ахыган. Иахьа аџьармыкьаҿы ауаа асабрадақәа зхази изхамзи еиҟаран, ачымазара агәра згои изымгои шыҟоу еиԥш. Аџьармыкьа аханатәгьы иаркын, аха ауаа автобусқәа раанҿасырҭа аганахьала игылан ихәҳахәҭуан, аиашазы иара аартызҭгьы усҟак ауаа еизнагомызт. Аныҳәақәа раԥхьа ажәлар рацәахеит, еилагылан, уи аҭагылазаашьа иаргәамҵуазгьы рацәан, аилибамкаарагьы ыҟан. Аха иахьа инаркны аџьармыкьа аус аулоит ахашеи, ахәашеи, амҽышеи, иара уаанӡагьы иазалхыз амшқәа рзы аус шауз еиԥш. Апассаџьартә транспорт акәзар, макьан иныҟәаӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьынџьал.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны аџьармыкьақәа русура аграфик шьақәырӷәӷәоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0