Ажәлар аиҳабыра рыгәра рго аҟаҵара: Аслан Бжьаниа аҭоубашьҭаҵараан дықәгылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнаугурация Аслана Бжания
Инаугурация Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡара далагеит аҭоуба анышьҭеиҵа ашьҭахь.

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡаразы азинмчы иоура ацеремониаан ажәахә ҟаиҵеит.

Инаугурация Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоуба шьҭеиҵеит

Иара иазгәеиҭеит алхратә кампаниа амҩаԥысшьеи ахыркәшашьеи атәылаҿы аполитикатә культура ҿыц аҿиара аиуеит ҳәа агәыӷра шаҳнаҭо. Бжьаниа иҳәеит ахадарахьы егьырҭ акандидатцәа аус рыцура дшақәгәыӷуа. Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра иахықәкы хадоу Аԥсны аҳәынҭқарратә институт хадақәа реиҭеиҿкаареи рырӷәӷәареи шракәу.

"Абри ахықәкы рхы ақәырҵеит Аԥсны иреиӷьу аԥацәеи аԥҳацәеи. Абри иазкын Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи русура. Сгәыӷуеит абри аганахьала ҳусура ауаажәларратә еидгылара иахәап ҳәа", - азгәеиҭеит иара.

Ихадароу ашьаҿақәа ируакны Бжьаниа иаликаауеит "ауаажәлар аиҳабыра агәра рго аҟаҵара". Атәыла ахада ҿыц игәаанагарала, уи алыршахоит ламысцқьала аусура ҟалар.

"Анагӡаратә мчра асистемахь усура иааԥхьахо зегьы ируалԥшьоуп аминистр иҭыԥ, аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы иҭыԥ атәылауаа рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду ушаҵанаргыло аилкаара. Раԥхьа инаргыланы ауаажәлар рҿаԥхьа иаадырԥшлароуп азин апринципқәа ишрықәныҟәалатәу, азакәан аҿаԥхьа зегь шеиҟароу", - иҳәеит Бжьаниа.

Ахада иазгәеиҭеит иуадаҩу аамҭа аан аҳәынҭқарра анапхгара дшахагыло, убри азы аамҭа мгакәа аусура иалагатәуп иҳәеит иара.

"Анапхгара знапы иану аӡәы инапынҵақәа рынагӡара илымшозар ма атәылауаа ринтересқәа ирԥырхаганы имаҵзуратә напынҵақәа ихы иаирхәарц далагозар, уи гәхьаада абзиараз ҳәа иаҳҳәоит, уаанӡатәи илшамҭақәагьы ирыхьмырԥшыкәа. Иумҭа ацәгьоура аланы иҟазар, уи шьақәырӷәӷәазар, ахара даҵагылароуп", - иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла ахада иҳәеит иаразнак, иаалырҟьаны атәылауаа рыԥсҭазаара еиҭакхар ҟалоит ҳәа шимҳәо.

Подведение итогов выборов  - Sputnik Аҧсны
Алкаақәа ҟаҵоуп: Аслан Бжьаниа Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны аиааира игеит

"Уаҵәы ианаашалак зегь марымажахоит ҳәа сызшәаҳәом. Уаҵәы ҳалагоит аусура. Абри аамҭазы иаҭахуп ҳшьақәызмыртәо – еиҿкаарылатәи ацәгьоура, аҵарҭышагара реиԥш иҟоу аусқәа рҿагылара, шьаҭанкыла рықәхра аҽазышәара. Ауааԥсыра ршәарҭадара шьақәмыргылакәа иалшом аекономика арҿиара, аинвестициақәа рааԥхьара", - азгәеиҭеит иара.

Алхрақәа раан Бжьаниа икомандеи иареи рахь иаарԥшыз агәрагара ахархәара аҭахоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура хра аманы иҟаларазы апланқәа рынагӡараан иҳәеит иара. Иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны адәныҟатә политика иахырхарҭа хаданы ишыҟало Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура.

"Иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны Аԥсни Урыстәылеи русеицура еиҳагьы ирӷәӷәахоит", - иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит қәгыларак аҳәаақәа ирҭагӡаны ишзалымшо аҳәынҭқарра аԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегьы рылацәажәара.

"Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит анапхгара аусура иахьынӡалшо хра аманы, иаартны иҟаларц", - иҳәеит Бжьаниа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡара дрылагеит аҭоуба анышьҭеиҵа ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0