Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: аҳәынҭқарра ахада ишьаҿақәа рҟны ажәлар дреиҷаҳароуп

© SputnikНугзар Ашуба
Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" ахантәаҩы Ныгәзар Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара анаҩс аԥхьа инапы злеикуа ҳәа иибо аусқәа рзы.
Ашәба: аҳәынҭқарра ахада иҟаиҵо ашьаҿақәа рҟны ажәлар дреиҷаҳароуп

Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иахьа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит. Ауснагӡатә иалагоит асааҭ 12:00 рзы Аԥсны ахада иусбарҭа аконференц-зал аҿы ауаа рацәа адгаламкәа, ачымазара ҿкы азы адунеи аҟны иҟоу ашәарҭара ҳасаб азуны.

"Иахьатәи аҭагылазаашьа аԥхьа иргылатәуп иарбан усзаалак уаналаго. Аҳәынҭқарра ахада раԥхьатәи ишаҿақәа рҟны ажәлар дреиҷаҳаны, цәгьарак Аԥсны иҟамландаз, иахьа уажәраанӡа ҳар ҳамамкәа ҳааит, аринахыс ишԥарӷәӷәатәу ҳәа далагароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны аиҳабыра еизыигароуп, кандидатс даныҟз ииҳәоз ҳгәалашәоит, уи  дықәныҟәароуп. Иахьа адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа (ачымазара ҿкы иахҟьаны апандемиа - аред.) ибзианы иахаҵгылатәуп. Аҭоурых иаҳнарбоит ас еиԥш аҭагылазаашьа ашьҭахь амлакра, ма даҽакы аҭыԥ шрымаз. Уажәшьҭан цәгьак ҟамларц азы ақыҭанхамҩа аусқәа ҩ-напык рыла иктәуп, агәабзиарахьчара аус. Убасгьы аҳәамҭақәа ҟаиҵахьан ажәлар еизааигәахартә, акзаара ҟалартә еиԥш аныҟәашәақәа ҟаҵатәуп ҳәа. Уи иаанаго алшара, аԥышәа, зус алҵшәа амоу, ҳа даҳтәуп-даҳтәым ҳәа акәымкәа, Аԥсны иаҳтәым аӡәгьы дыҟам, инеиҿцааны амҩа дықәлар акәхоит. Ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәаара уҳәа, урҭ аусқәа иаразнак иктәуп, ус иузыҟамҵар, акгьы алҵӡом, ауаа ззыԥшу аусқәа рацәоуп, урҭ рыла иалагатәуп", - иҳәеит Ашәба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0