Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Делба иаб Мера изы: саб ихабар шаҳзымдыруагьы, аиааира агәырӷьара сзацуп

© Foto / предоставлено Алхасом Манаргия Флотка Делба
Флотка Делба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал инхо Флотка Делба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан хабарда ибжьаӡыз иаб Мера иҭоурых атәы.
Аиааира ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Мера Делба изкны

"Саб иаҳәшьа лԥа Гәыԥ ақыҭантәи школ аҿы рҵаҩыс аус иуан. 1941 шықәса рзы иара арра иԥхьеит, уа дшыҟаз ауп аибашьрагьы ишалага. Саби иареи асалам шәҟәқәа рыбжьысуан. Сара сиит ҳәа аниаҳа, ахәыҷы Флотка ихьӡышәҵа ҳәа ааицҳаит. Иара иажәа нарыгӡеит, исыхьӡырҵеит Флотка. 1942 шықәса рзы аибашьра дцеит сабгьы. Усҟан иара ихыҵуан 27 шықәса. Деибашьуан Керч, уи асаламшәҟәқәа рыла иаадыруан, аха нас аимадара ыӡит. Иахьа уажәраанӡагьы дахьҭахаз, дахьыӡыз ҳәа дыррак ҳамам. Ҳан лхала быжьҩык ахшара ҳлааӡеит цәгьаԥсышьала. Аколхоз аҿы аус уны, анаҩс аҩны дааны ҳаргьы ҳалбар акәын. Шьапыла ақалақь аҿы дцаны ҩ-чахык аалгар, акы ҳара иаҳҿалҵон, егьы аҵла иқәылҵон, избанзар рыҩбагьы ҳфар, ҳазланыҟәылгоз лоуамызт аҟнытә. Исгәалашәоит, аибашьра анынҵәа, акыршықәсқәа рышьҭахь аҳаблаҿы аӡәы аибашьраҟнытә дхынҳәны дааит ҳәа анҳаҳалак, ҳаргьы иҿыцәаауаз ҳгәыӷра еиҭа амца шакуаз. Аиааира Ду амшныҳәа ныҳәаҵәҟьоуп са сзы, саб ихабар шаҳзымдыруагьы, аиааира агәырӷьара сзацуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Делба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0