Аӡбарҭа Нодик Кәыҵниа игәамбзиаразы иоушьҭразы изыҳәа мап ацәнакит

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский суд
Сухумский суд  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи Аԥсны Апарламент адепутат Нодик Кәыҵниа урыстәылатәи абизнесуаҩ Сергеи Клемантовичи иҩыза Оксана Скаредновеи рышьразы ҭакрыла аамҭа ихигоит.

АҞӘА, мшаԥы 24– Sputnik. Урыстәылатәи абизнесуаҩ Сергеи Клемантовичи иҩыза Оксана Скаредновеи рышьразы иҭаку Нодик Кәыҵниа игәамбзиара иахҟьаны ихы иақәиҭтәразы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инаишьҭыз азыҳәа мап ацәнакит.

Аӡбамҭа иахашшаар алшоит Акассациатә коллегиахь 15 мшы рыҩнуҵҟа ашәҟәы нашьҭны.

Нодик Кәыҵниа даанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Нодик Кәыҵниа даанкылоуп

2016 шықәса жьҭаара 1 азы Жәлар Реизара уаанӡатәи адепутат Нодик Кәыҵниа 16 шықәса иқәҵан дҭакын урыстәылатәи абизнесуаҩ Сергеи Клемантовичи уи иҩыза Оксана Скаредновеи рышьразы.

Ахара идызҵоз ишьақәдырӷәӷәеит Апарламент адепутат Нодик Кәыҵниа заанаҵтәи аилаӡарала Сергеи Клемантовичи Оксана Скаредновеи шасыс ишигаз ҩ-миллионк адолларқәа рзы.

Клемантович ихақәиҭтәразы аԥара ашәара мап анацәик, Нодик Кәыҵниа Ахра Гоԥиеи, Рамин Хмаили, Џьумбер Бигәааи, Аслан Ҵәыџьбеи драцәажәеит, ауаа рӷьычра аҭыԥ шамаз рҵәахырц азы шасыс иигаз ршьырц, абри атәы рҳәоит апрокуратура аматериалқәа.

Аусӡбара иара убас ишьақәнаргылеит Џьумбер Бигәааи Аслан Ҵәыџьбеи 20 шықәса рықәҵазарц, Ахра Гоԥиа 17 шықәса иқәҵазарц, Рамин Хмаил 15 шықәса иқәҵазарц.

Сергеи Клемантович аилахәыра "ЕЛ Петролеум-Абхазия" напхгара аиҭон. Иареи Оксана Скаредновеи ыӡит 2012 шықәса цәыббрамзазы. Рыԥсыбаҩқәа ԥшаан 2013 шықәса жьҭаара 14 рзы Аӡҩыбжьа ақыҭантәи ҵеиџьк аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0