АҞӘА, мшаԥы 27– Sputnik. Еицырдыруа италиатәи ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ, Европарламент уаанӡатәи адепутат Џьульетто Кьеза мшаԥы 26 рзы 79 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Европарламент адепутатс иҟазаараан Кьеза Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра дадгылон.
"Европатәи апарламент аҟны сыҟазаараан сҽазысшәон Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызҵаарақәа рыӡбараан иҟоуҵәҟьа шакәу ибалатәу деилыркаара. Ахара инхо, иҟоу шыҟоу ззымдыруа аҭагылазаашьа реилыркаара уадаҩуп. Шьҭахьҟа ахынҳәра алшом. Ажәлар шьҭахьҟа рыԥхьацара џьаргьы иалымшацт" ҳәа иҳәеит иара 2018 шықәса рзы Аԥсны иҟазаараан.
Европарламент аҿы дықәгыло иҳәон Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәыла разырхынҳәра иашам ҳәа.
"Ари иаанаго арҭ ажәларқәа рхақәиҭра адагьы, рыԥсҭазаарақәа рымышәхуеит ауп", - иҳәон Џьульетто Кьеза.
Кьеза игәаанагарала абри азҵаараҿы Қырҭтәыла амч ахархәара иаҟәыҵыр ауп. Аԥсуа бызшәа ақырҭуа бызшәа акала иахьазааигәам иаанаго аԥсуаа хазы иҟоу жәларуп ауп ҳәа азгәеиҭон ажурналист.
"Ари ажәлар зхатә ҭоурых ҵаула змоу жәларуп", - иҳәон Џьульетто Кьеза.
20 шықәса инарзынаԥшуа Џьульетто Кьеза Москва аус иуан италиатәи агазеҭқәа l'Unita La Stampa рхатә корреспондентс. 2004 шықәса рзы Европарламент адепутатс далхын.
2010 шықәса рзы Италиа еиҿикааит ауаажәларра–политикатә еиҿкаара "Альтернатива".
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Кьеза онлаин-телехәаԥшра Pandora TV апроект аус адиулон, Sputnik Italia аус ациуан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны аинтересқәа Женева рыхьчаразы апрограмма шьақәырӷәӷәоуп