Россотрудничество аныҳәатә акциақәа руснагӡатәқәа шымҩаԥгахо иалацәажәеит

© Фотохост-агентство / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчастники шествия "Бессмертный полк".
Участники шествия Бессмертный полк. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны есышықәса имҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиаара амшныҳәа инақәыршәаны. Раԥхьаӡа акәны акциа мҩаԥган 2012 шықәса рзы Томск. Сынтәа адунеи аҿы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит онлаин.

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" аформат Аԥсны ишыҟало макьаназы ишьақәыргылам ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак Вадим Чеха.

"Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" аформат аҭагылазаашьа ианырԥшхоит. Ҳәарада ҳара акциа "Ԥсра зқәым архәҭа - ҳәаада" онлаин режим ала амҩаԥгара ҳадгылоит. Аныҳәамшқәа рҟынӡа атәыла анапхгара иаԥҵоу аԥкрақәа аԥырхыр, имҩаԥаагаргьы ҟалоит уаанӡеиԥш", - ҳәа иҳәеит иара.

Чеха иара убасгьы иазгәеиҭеит традициак аҳасаб ала лаҵара 9 аламҭалаз ишымҩаԥысуа акциа "Георги ицаха".

"Аформат ҳәарада еиҭаҳкуеит. Акциа массатә режимла имҩаԥгахом. Уажәы ацахақәа заҳҭо аԥхьатәи ацәаҳәаҿы игылоу – аруаа, амедусзуҩцәа, амилициа аусзуҩцәа ракәхоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Аиааира амш 75 шықәса ахыҵразы Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра имҩаԥнагараны иҟоуп иара убасгьы акциақәа "Агәалашәара абаҳча", "Аиааира адиктант".

Россотрудничество иара убасгьы имҩаԥнагоит ессеқәа рзы аиндаҭлара "Я изучаю историю по книжкам" ашколхәыҷқәа рыбжьара. Дара ирылшоит рыуа-рҭахы, аибашьра алахәылацәа рҭоурыхқәа рылацәажәара. Аиааира зго алахәхоит апроект "Здравствуй, Россия!", Урыстәыла аҭоурыхтә ҭыԥқәа рахь аныҟәара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0