Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ирыдныҳәалеит

© Sputnik / Акоп Кущян Посольство РФ
Посольство РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра Аԥсны иаԥылоит 46-ҩык аветеранцәа.

АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала ирыдныҳәалеит, амедалқәа рнапаҿы иддыркит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков.

"Мшаԥы 27 -29 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ирҭааит Аиааира 75-шықәса ахыҵра аламҭалаз, Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала ирыдныҳәалеит, амедалқәа рнапаҿы иддыркит, аматериалтә цхыраара рзыҟарҵеит", - иҳәеит иара.

55 000-ҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра аибашьра Ду иалахәын. Урҭ рҟынтәи 17 000-ҩык рыҩныҟа изыхнымҳәит. Ареспублика 22-ҩык ауааԥсыра Асовет Еидгыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0