Ҟрым иацәыхарамкәа анемец авиациа 1941 шықәсазы иӡаадырҟәрылеит агоспитальтә ӷба "Армения". Ари – ҿҳәара змам цәгьоуроуп. Иунарбоит Асовет Еидгыла зыҟны аус амаз. Аӷба жәанызқьҩык инарзынаԥшуа ихәыз аруаа ҭан. Иара убасгьы иҭан амедицинатә персонал, аҳәса, ахәыҷқәа. Зеиқәырхара алшаз ааҩызаҵәык роуп.
Александр Хроленко, арратә хҳәааҟаҵаҩ
Урыстәылатәи агеографиатә еилазаара мшаԥы 27 рзы адырра ҟанаҵеит: "Амшын Еиқәа аҵан иԥшаауп аӷба "Армения" ҳәа. Аӷба 1500 метра амшын аҵаҿ ишьҭоуп 15 мшынтә миль (28 км) рыла Иалта инацәыхараны. Урыстәылатәи агеографиатә еилазаареи Атәылахьчара аминистрреи рекспедициақәа реицусура алҵшәа ду амоуп, ахәшьара уадаҩуп.
Аԥшаарақәа цон 35 шықәса инарзынаԥшуа. "Армения" иазку адокумент №19 Арра-мшынтә архив хадаҿы ирмаӡан. 1991 шықәсазы Амшын Еиқәа Амедицинатә маҵзура амузеи аҟны ашьаҭмҭа рбеит Гурзуф амҵан аҭыԥ змаз аҳаиртә жәылара. Аха аҵалаҟәыра, арелиеф еилаԥса аԥшаарақәа дыруадаҩуан. Америкауаҩ Роберт Баллард, "Титаники" "Бисмарки" рыԥшаара зылшаз илымшеит "Армения" аԥшаара.
Асанитартә транспорт аҭахара амшын аҟны реиҳа итрагедиа дуу ируакны ишьоуп аҭоурых аҿы. Еиҿурԥшуазар "Титаник" аҿы иҭахеит 1500-ҩык апассаџьырцәа, "Бисмарк" аҿы–2100 мшынуаа. "Армения" аҿы акәзар 7-10 нызқьҩык (макьаназ ишьақәыргылам иҭахаз рхыԥхьаӡара).
Арыцҳара ашәҟәқәа азкызароуп, акиносахьақәа азҭыхзароуп, Аҩбатәи адунеитә еибашьара иалаӡыз рхамшҭразы.
Аӡәгьы дхашҭым
Асанитартә ӷба "Армения" аӡаҵатә аппарат ала иара шакәҵәҟьаз анышьақәдыргыла ашьҭахь Новороссисктәи арра-мшынтә база апротоиереи Кирилл абри аҭыԥ дахаԥшьеит. Аӡы ихҵан ашәҭшьыҵәрақәа, имҩаԥган ахысра.
Анемец ар 1941 шықәса цәыббрамзазы рнапахьы иааргеит Перекоп, Ҟрым иалалеит. Ар ҟаԥшь хьаҵит Севастополь аганахь. Абҵарамза алагамҭазы ақалақь артиллериала алахысра иалагеит, аха макьаназ иҟан алшара ахәцәа, аҳәса, ахәыҷқәа мшынмҩала ралгаразы. Ааабри анапы алакын акаԥдан Владимир Плаушевски зхадараҿы дыҟаз "Армения" аекипаж. 112 метра зоура ыҟаз аӷба аҭынч аамҭаан 980-ҩык рҟынӡа апассаџьырцәа мҩаԥнагон. 1941-шықәсазы "Армения" госпитальхеит, нанҳәамзазы 15 реис рыла Ҟрым иалнагеит 15 000-ҩык ихәыз аруаа. Абас зҵакы еиҭакыз аӷбақәа аибашьраан еиқәдырхеит 412 –ҩык ауааԥсыра.
Аҵыхәтәантәи ареис аӷба имҩаԥнагеит Севастопольнтә абҵара 6 рзы. Ахы хан Тҟәаԥсҟа. Аӷба иҭан 300-ҩык ахәцәа, арратә госпитальқәа ԥшьба амедперсонал, зықьҩыла аҭынч уааԥсыра. Иалта "Армения" еиҭа ауаа шьҭнахит. Абҵара 7 рзы Кавказҟа ахы археит. Ҟрым 15 миль инацәыхараны аӷба иажәлеит Лиуфтваффе аҳаирпланқәа Heinkel-111 (аҽа дыррақәак рыла – Junkers 87). Аӷба мҩанызгоз акатерқәеи иақәгылаз азениттә пушкақәеи аӷба рзымыхьчеит. Абомбақәа иааиԥмырҟьаӡакәа изықәрыжьуаз "Армения" ԥшь-минуҭк рыла аӡаҵахь ицеит. Зықьҩыла ауаа рҟынтәи насыԥны ааҩык еиқәхеит.
Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан Адунеижәларбжьаратә зин Аџьар ҟаԥшь зхагылаз агоспитальтә ӷбақәа риехсра азин ҟанаҵомызт, аха анемец фашистцәа урҭ анормақәа ирызхьаԥшуамызт. Гитлер ир Асовет уааԥсыреи ари рнырҵәара акәын ирыгәҭакыз.
"Армения" ахсаалаҿы иаанхоит
1928 шықәсазы Балтикатәи азауад аҟны "Армения" аӡы ианхырҵа ашьҭахь иара усҟантәи аамҭазы Амшын еиқәа ихыз иреиӷьыз аӷбақәа рыфба иалан. Иара ахараӡсара алшон (4600 миль). Аццакыра 14,5 ҿаҳәара (27 км/сааҭ), инаӡон, аекипаж – 96-ҩык инаӡон.
Иԥшаау аӷба "Армения" аибашьратә ԥсыжырҭан иԥхьаӡахоит. Амшынтә хсаалақәа ирнырҵоит ари аҭыԥ– акоординатқәа: 44 градус 15 минуҭ аҩадатәи аҭбаара, 34 градус 17 минуҭ мрагыларатәи аноурылара.
Абри ашьҭахь абри аҭыԥ ааигәа-сигәа имҩаԥысуа Урыстәыла аӷбақәа зегьы рбираҟқәа ладырҟәлоит.
2020 шықәсазтәи аекспедициа аихшьаалақәа ирылдыршоит аӷба аҵыхәтәантәи амш амҩаԥысра ашьақәырылара. Урыстәылатәи агеографиатә еилазаара амшынаҵатә ҭҵаарақәа Рцентр адокументалтә фильм аҭыхра иаҿуп.
Урыстәылатәи агеографиатә еилазаареи Атәылахьчара аминистрреи рыԥшааҩцәа ԥхьаҟагьы русурақәа мҩаԥыргалоит Адунеитә еибашьра амаӡақәа раарԥшразы.