АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҟны иҟалаз аԥсҭбара зцыз амҩатә машәыр иалахәыз Алхас Хәарцкьиа иганахьала ашьаусҭҵааразы Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит.
"Алхас Хәарцкьиа ахара идҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьауӷатә закәанеидкыла ахәҭаҷ 263, ахәҭа 3 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы (ауаҩԥсы иԥсҭазаара иалҵра зылҵшәахаз амҩатә ԥҟарақәеи атранспорт ахархәареи реилагара), иагьиқәҵоуп хышықәса абахҭаҟны ахгара, иара убас атранспорттә хархәага хышықәса аныҟәцара азин имамзаара", - ҳәа аанацҳауеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа асаит.
Адырраҭараҟны ишаарыцҳауа ала, "жәабран 12 рзы Алхас Хәарцкьиа амҩатә машәыр ихҟьеит - иҿаланы иаауаз ацәаҳәахьы диасын, ашьаҟауаҩ Џьынџьалԥҳа длысит, лара илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥ аҟны лыԥсҭазаара далҵит".
Уаанӡа Аҟәа ақалақь апрокуратура адырра ҟанаҵахьан жәабран 12 рзы амҩатә машәыр аҟны дышҭахаз 1950 шықәсазы ииз Ельза Џьынџьалԥҳа.
Иаагоу Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахарадҵа адукаҭ дахашшаар ма апрокурор даҿагылар ҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиаҟны.
"Алхас Хәарцкьиа ахара идым ҳәа дыԥхьаӡазаауеит уи ихара шьақәырӷәӷәаны аӡбарҭа ахарадҵа азакәанымч аиуаанӡа", - аҳәоит аӡбарҭа адырраҭараҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсҭбара зхылҿиааз амҩатә машәыр зхароу иганахьала аусҭҵаара хацыркуп