Ҵыхәаԥҵәара змам аремонт: шықәсык аԥхьа иблыз аҩбатәи ашкол аҭагылазаашьа

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтные работы в воторой Сухумской средней школе
Ремонтные работы в воторой Сухумской средней школе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсык ҵит Аҟәа ақалақь Пушкин ихьӡ зху аҩбатәи абжьаратә школ блиижьҭеи. Абылра иахҟьаны ашкол ахыб абжеиҳарак блит, иара убас амца андырцәоз иақәырҭәоз аӡы иахҟьаны акласстә уадақәеи акабинеҭқәеи аԥхасҭа роуит.

АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. Александр Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №2 адиректор Ирина Повирскер арадио Sputnik аинтервиу аналҭоз, илҳәеит аҵараиурҭаҟны макьана ихыркәшам ауснагӡатәқәа ртәы. Аҵаратә процесс еиҭахацыркын 2019 шықәса абҵарамзазы, аха усҟантәи аамҭазы аремонт хыркәшамызт. Уажәшьҭа акоронавирус иахҟьаны аиҭашьақәыргылара ахыркәшара аҿҳәара ҩаԥхьа инахар акәхеит.

"Аҵараҵара ҳахьалагаз акорпусқәа ҩба рҟны аусурақәа зегьы хыркәшоуп уҳәар ауеит, иаанхаз авидеохылаԥшреи абылрацәыхьчаратә сигнализациеи рышьақәыргылара ауп. Уа аусурақәеи аҵаратә процесси еилагӡаны имҩаԥысуан. Уажәы ахыркәшарахь инеиуеит ахыбра акорпус хада аиҭашьақәыргылара, аха, акоронавирус азы апандемиа иахҟьаны,уажәы аусурақәа зегьы аанкылоуп", - инаҵшьны иазгәалҭеит директор. 

Аргылаҩцәа ражәақәа ааго, Ирина Повирскер илҳәеит ашкол аҟны аусутә маҷны ишаанхаз.

"Иаанхаз афымца иадҳәалоу аусқәа роуп, аҩбатәи аихагыла еиҭашьақәыргылоуп уҳәар ауеит, џьара-џьара арԥхагақәа рықәыргылароуп иаанхаз. Актәи аихагылаҿоуп аус еиҳа иахьаҭаху, кабинеҭқәаки акттә зали рҟны апаркет ықәҵатәны иҟоуп", - лҳәеит лара.

Хыбда иаанхеит: аҟәатәи абжьаратә школ абылра ашьҭахь - Sputnik Аҧсны
Хыбда иаанхеит: аҟәатәи абжьаратә школ абылра ашьҭахь

Зегь реиҳа аусутә ахьыҟоу - аспорттә зал аиҭашьақәыргылараҿоуп.

"Акарантин ахь ҳанцоз ҳақәдыргәыӷит мызкы иалагӡаны аремонттә усурақәа зегьы шхыркәшахо, аха уажәы аекономикатә ҭагылазаашьа уадаҩуп, убри азы еилкаам аргыларақәа ирԥеиԥшхо", - ҳәа азгәалҭеит Ирина Повирскер. 

Атәылаҿы аԥкрақәа ахьынӡаҟоу аҩбатәи ашкол арҵаҩцәа онлаин ҳасабла рҵаҩцәа рыҽрымаданы иазыҟарҵоит. Аха уи азы алшара змам ахәыҷқәеи аҭаацәеи ыҟоуп, ибзианы аинтернет аус ахьамуа ыҟоуп, мамзаргьы асмартфонқәеи апланшетқәеи змамгьы маҷҩым. 

Повирскер иара убас иазгәалҭеит ашколқәа рҟны аҵараҵара лаҵара 4 рзы ихацдыркызҭгьы, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рашәара 19 иақәшәар шалшоз.

"Аҵаратә процесс алагара аҿҳәара ҩаԥхьа ҩымчыбжьа ҳәа иахьнахаз азы уажәшьҭа еилкаам аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы анымҩаԥысуа. Хымԥада ари аныҳәа ахәыҷқәа рзы имҩаԥаагашт, аҭагылазаашьа маншәалаханы аӡәгьы ԥырхага имоукәа иҟаландаз акәымзар", - лҳәеит Повирскер.

Амца иамҽханакит: аҟәатәи ашкол ахыбра абылра - Sputnik Аҧсны
Амца иамҽханакит: аҟәатәи ашкол ахыбра абылра

Аҭоурых ду змоу ашкол

Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Фиодор-иԥҳа.

1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски 25-ҩык аҭыԥҳацәа рзы апансиони змаз агимназиахь иааиргеит. Уи лыхьӡ ахын аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа.

ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.

1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит. Ашкол аамҭала ииаган Маҷавариани имҩа, 15 аҭыӡҭыԥ аҟны игылаз ахыбрахь.

2008 шықәса рзы ашкол № 2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан. Уи аҭаӡара 2008 ԥшьыркца метр артәоит. Аҵара рҵоит 1250-ҩык аҵаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0