Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥырҩы Гәымба: аԥырҩы ихы акалашәа ибозар, дыԥрыр иҭахымзар, аӡәгьы идицалом

© Foto / предоставлено Адгуром ГумбаАдгур Гумба
Адгур Гумба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥырҩы, аинрал-маиор, арра-ҳаиртә мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Агәымшәараз амедал занашьоу Адгәыр Гәымба иахьа 55 шықәса ихыҵит. Аԥырҩы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит изанааҭ шалихыз, аԥырҩы изы алаԥықәшәа ҵакыс иамоу.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәымба аԥырра иазкны

"Иахьа аамҭа акалашәа иҟалеит ачымазара ҿкы иахҟьаны. Аусура иҭыҵуа ианраамҭоу ицоит, егьырҭ аҩнқәа рҟны ҳтәоуп, ахәыҷқәа дәылҵыр ҳуам. Иубо уаӷа иаасҭа иумбо иоуп ишәарҭоу. Уиирамш азы асовет аамҭа аныҟаз аԥырҩцәа рыбжьара аиҳабы иудиныҳәалон, нас аусура уцар акәын. Амала аԥырҩцәа рҿы абас иҟоуп, аҽны уԥрыр уҭахымзар, ухы акалашәа иубозар, уԥрыргьы аӡәгьы иуӡом. Ус иара закәанла иахәҭаны иҟан ажәытәгьы иахьагьы. Агәаԥхара сымаӡам иҳәар аԥырҩы, азин сымаӡам умԥрыр ҟалом ҳәа иаҳәара. Аусура ашьҭахь зиирамш азгәазҭар зҭахыз ҳхы пату ақәҵаны ҳаидтәалалон, ус иҟан, иахьагьы ус ауп", - иҳәеит Гәымба.

Иара иажәақәа рыла аԥырҩы изанааҭ алихит Аҟәатәи ашкол-интернат аҟны аҵара аниҵоз.

"Ахԥатәи акласс аҟны сантәаз аԥырҩы Маресиев изкыз ашәҟәы саԥхьеит, бзиа избон схәыҷаахыс ашәҟәыԥхьара. Абри ишьапқәа амамкәа иԥырра, иҭоурых гәныскылеит. Убасҟан аурыс бызшәа анҳамаз исҩит аԥырра алсхуеит ҳәа. Ашкол саналга, 1982 шықәсазы аҵара сҭалеит, сагьеиқәшәеит, Еиск ақалақь аҟны ԥшьышықәсеи бжаки аҵара сҵеит. Уи ашьҭахь Китаи аҳәаа 15 километра иахьазааигәоу 4 шықәса сыҟан, анаҩс - Қарҭ ҩышықәса, уи ашьҭахь аҩныҟа схынҳәит, нас аибашьра алагеит", - иҳәеит Гәымба.

Иара убасгьы игәалаиршәеит даныхәыҷыз. аҵла данықәлоз, иблахаҵ шыгьежьуаз, аха уи аԥырраҟны ишиԥырхагамхаз. 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0