Аԥышәара ацынхәрас аиҿцәажәара: ААУ аҭалара дырмариар ауеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥышәара ацынхәрас аиҿцәажәара: ААУ аҭалара дырмариар ауеит
Аԥышәара ацынхәрас аиҿцәажәара: ААУ аҭалара дырмариар ауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иусдҵала, коронавирус аламырҵәаразы ареспубликаҿы аҵараиурҭақәа рҟны аҵараҵара аамҭала иаанкылоуп лаҵара 15 рҟынӡа.

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор игәаанагарала, сынтәатәи аԥышәарақәа рцынхәрас аиҿцәажәара мҩаԥгазар алшоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа.

"Ҳара ари аҩыза аформа уаанӡагьы ҳхы иаҳархәахьан. Акомиссиа адисциплинала азҵаарақәа рҭиуеит, азеиԥш дыррақәа еилыркаауеит. Аиндаҭлара ахьырацәоу афакультетқәа рҿы ԥышәарақәак ҳрыцәхьаҵыр ауеит, комплексла еиҿаҳкаауеит. Ибзианы еилаҳкаауеит ашколқәагьы сынтәа инхарҭәааны аматериал шрызнамгаз, иҳауа арзаҳалқәа ҳархьыԥшып", - иҳәеит иара.

Маланӡиа иажәақәа рыла, адокументқәа рыдкылареи аԥышәарақәа рымҩаԥгареи рыҿҳәара макьаназ ишьақәыргылам, аҭагылазаашьа иахьырԥшхоит.

"Адокументқәа ԥхынгәы алагамҭаз иҳадаҳкылалон. Ԥхынгәы-нанҳәа рзы аԥышәарақәа мҩаԥысуан. Ашколқәа аушьҭратә ԥышәарақәа абри аамҭа иалагӡаны ирзеиҿкаар, ҳаргьы уи ҳҽақәҳаршәоит. Мап анакәха, ҳаргьы ҳаҿҳәара ҳнахоит", - иҳәеит иара.

Аҟәатәи иаарту аинститут аҿы Урыстәыла аԥкрақәа аԥырырхыр рашәара 1 инаркны аҵараҵара иалагарц ӡбаны ирымоуп.

"Аҵаратә процесс аԥхынра зегьы имҩаԥысуеит, аԥышәарақәа уаанӡеиԥш нанҳәазы имҩаԥаагап ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа азгәеиҭеит АИА аректор Валери Кәарҷиа.

Аԥсны сынтәа 1900-ҩык аушьҭымҭацәа ыҟоуп. Аҵара аминистрра аӡбарала дара аматематикеи аԥсуа бызшәеи ракәхоит ирҭиуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0