Sputnik авидеоекскурсиа: Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ацәыргақәҵатә уада

Анапаҵаҩра
Иахьазы ачымазара ҿкы акоронавирус алаҵәоит ҳәа иҟоу ашәарҭара инамаданы ауааԥсыра аҩны итәоуп. Абри аамҭазы хәыҷи-дуи шәгәы мҿыӷьырц Sputnik аԥснытәи амузеиқәа рҟынтә авидеоекскурсиа шәзымҩаԥнагоит. Апроект хацыркхоит Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи ала.

Авидеоекскурсиа ҳзымҩаԥылгоит Маиа Кәыҵниаԥҳа, Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи афондқәа реиҳабы.

Аԥсны жәлар рпоет, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аартын Аҟәа 1974 шықәса цәыббра 22 рзы. Ари аус иадԥхьалан Урыстәылантәи аспециалистцәа: апроект автор - Марк Горелик, асценарист - Инна Наровлианскаиа.

Маиа Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, амузеи афондқәа рҟны иҟоу аматериал шамахамзар зегьы Дырмит Гәлиа иҭаацәа рҟынтәи ироуз ауп.

Ҳаҩналоит актәи ацәыргақәҵатә уада: ара ирацәоуп аԥсуа нхаҩцәа рыбзазашьаҟны, рыкҿаҩраҟны рхы иадырхәоз амаҭәарқәа: амҵәышә, агәыгәым, аирыӡ, аныга, акамбашь атәыҩа иалху амҳаҵәқәа, ахмаҷыр уҳәа. Убасгьы актәи ауадаҿы ицәыргақәҵоуп жәлар рмузыкатә арҳәагақәагьы: аԥхьарца, аҩымаа. Аха ихаданы ара иҟоуп Дырмит Гәлиа инапала ииҩхьаз инысымҩа зну абӷьыц, амҳаџьырра агәаҟрақәа зныԥшуа аҭыхымҭақәа.

Ари ауадаҿы иҟоуп 1863 шықәсазы Дырмит Гәлиа Ашьхарыуаа рышкол данаанахәаз аамҭазтәи аҭыхымҭа, уа рҵаҩыс иоуз Константин Маҷавариани ифотосахьа, иара убас Дырмит Гәлиа ишколтә хәшьарақәа зну абӷьыц.

Арҭ амаҭәарқәа реидкылара, реихшара знапы алакыз иреиуан Таҷ Гыцба, Гиви Агрба, Геннади Аламиа, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы амузеи напхгара азҭоз Еҭери Коӷониаԥҳа, Наҭелла Џьичоева, лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0