"Жәларбжьаратәи апроект "Кавказ - ҳзеиԥш ҩны" аԥҵаҩы Давид Дасаниа адырра сиҭеит аконцерт шымҩаԥысуа азы. Акарантин иахҟьаны уи онлаин имҩаԥысуеит. Ихьшәаны иҳарҳәеит аконцерт атәы, сколлегацәеи сареи ҳҽеимаҳдеит, пыҭҩык аԥснытәи ашәаҳәаҩцәа ҳхы алаҳархәуеит. Сара акарантин аамҭазы Аҭара, аҩны сыҟоуп. Адәахьы иҭысхит аҭел ала анҵамҭа, инасыгӡеит ашәа "Аԥҳәызба ар рымаҭәа зшәу", ҳкомпозитор Константин Ченгьелиа иаԥҵамҭа. Ирзаҳашьҭыз анҵамҭақәа еизганы амонтаж рзыруеит. Насгьы иаҳдырбоит асоциалтә даҟьақәа рҟны. Ҳара аҟазара знапы алаку зынӡа иаҳзыманшәалаӡам онлаин аҽазыҟаҵарақәа, аҩны иҳамоу амузыкатә арҳәагақәа ҳхы иархәаны ҳҽазыҟаҳҵоит, аха уи иара акәӡам", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Габниаԥҳа акоронавирус иазку ашәазы: игәышьҭыхгоуп
-
Ҷанба "Арадиотеатр" азы: ҳаамҭа зегьы акоронавирус иақәырӡтәым