Урыстәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз раԥхьатәи акурсантцәа атәыла иалало рҽахьыԥхьаркуа асасааирҭахь инашьҭуп.
"Аҳәаа аҟнытә автобусқәа рыла асасааирҭахь ҳааргеит. Ара ҳанаарга иаразнак ашә адыркит, ҳҭаацәа ҳуадақәа рҿы иамаз абарҵа аҟнытә салам раҳҭеит, ҳрацәажәеит, мамзаргьы ҭелла. Сара аҵара ахьысҵо аҵараиурҭа аҟнытә еиҭа жәаҩык Аԥснынтә ҳаицуп. Уаҟа аӡәгьы ачымазара идбаламызт. Аҿкы аларҵәара ианалага, хәажәкыра жәибыжь инаркны, иаразнак акарантин ҳаларҳәеит, зегьы адыркит. Арҵаҩцәа онлаин аурокқәа мҩаԥыргон. Ус еиԥш аҵара апроцесс ахьеиҿкааз ҳара ҳзы уадаҩрак аҵамызт, иаҳзеилымкаауз иаразнак ҳазҵаауан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәыгә-иԥа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Шәҩык инареиҳаны ҳтәылауаа аҟәатәи асасааирҭахь акарантин азы инарышьҭит
-
Аԥсныҟа иаауа акурсантцәа акарантин рхыргарц азы асасааирҭаҿы индырхоит