Аԥсныҟа иаауа акурсантцәа акарантин рхыргарц азы асасааирҭаҿы индырхоит

© Sputnik / Елена НездоровинаГраница по реке Псоу
Граница по реке Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа астудентцәа "аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы" ҳәа азиншәҟәы рымазароуп, аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысырц. Аԥсныҟа ишааиз еиԥш акарантин ахгаразы асасааирҭахь ирышьҭуеит.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз раԥхьатәи акурсантцәа атәыла иалало рҽахьыԥхьаркуа асасааирҭахь инашьҭуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит адепутат, Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб алахәыла Алхас Џьынџьал.

"Заанаҵы адырра ҳаман ишаауаз азы. Иахьазы ааҩык ҳзаахьеит. Атәылахьчара аминистрра автобус ҳарҭеит. Дара аҳәаа ишахысыз асанитартә ҳақьым игәалҭеит, лара асасааирҭа "Аиҭар" аҟынӡа дрыццеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Џьынџьал.

Асанаториаҿ акурсантцәа рзы еихагылак ҷыдала иалыркааит. Хаз-хазы аномерқәа ирыҩнарҵеит. Адепутат иажәақәа рыла, дара зегьы аҭакԥхықәра шрыду рдыруеит.

Гостиница Айтар - Sputnik Аҧсны
Акрыфара мацароуп: асасааирҭа "Аиҭар" аҿы зҽыԥхьазкуа аԥара зхыршәаатәны иҟоу

Аҽыԥхьакра шаҭаху азҵаара аганахь ала проблема цәырымҵӡеит. Рҭаацәагьы даргьы аҭагылазаашьа еилыркаауеит.

"Аиҭар" аҟны еиҿкаауп амедицинатә пункт. Зҽыԥхьакны иҟоу ауаа 14 мшы аҳақьымцәа рхылаԥшуеит. Акарантин ахыркәшамҭаз атестқәа аҽазныкгьы ирыхрыжьуеит. Абри ашьҭахь рыҩныҟақәа ицар ҟалоит.

Асанаториаҿ мышкы хынтә акрыфара еиҿкаауп. Иара ахәԥса иартәоит 460 мааҭ уахыки-ҽнаки рыла. Убри аан рҭаацәагьы рхәы наргалар алшоит. Џьынџьал иҳәеит аҳәынҭқарра ахарџьқәа зегьы ахахьы ишазымго.

Иааз аҩны 14 мшы акарантин иахьахысша аҭыԥ рыман иҟазар, уа раанхара атәы асанитартә ҳақьым иӡбоит. Убри аан ауаҩы дахьынтәааз арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азхьаԥшра арҭоит.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа астудентцәа азиншәҟәы рымазароуп "аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы" ҳәа аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысырц. Уи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ирырҭоит, ахәԥса 600 мааҭ артәоит.

"Даур Ақаҩбеи сареи ҳаицәажәон. Иара иҳәеит азиншәҟә аҟаҵаразы аԥсшьарамшқәа раангьы иахәҭоу ауаа аус шыруа", - ҳәа иҳәеит аштаб алахәыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0