АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭеи Аҟәа ақалақь аҿкчымазаратә хәышәтәырҭеи агуманитартә цхыраара роуит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Иаашьҭу рахь иаҵанакуеит иҷыдоу акаруаҭқәа, амедицинатә гәабанқәа, акаруаҭ ахаҿытә тумбачкақәа, аиарҭамаҭәа, ампахьшьқәа, ақәыршәқәа, аҳақьымцәеи апациентцәеи реимадара ахархәагақәа.
Агуманитартә еидара аахәан Аԥсны анаплакыҩцәа реиҿкаара "Ҳара ҳаидгылоуп" еизнагаз аԥарақәа рыла. Зынӡа 1 386 750 рыхәԥса аахәан.
Хәажәкыра 26 рзы Аԥсны анаплакыҩцәеи атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганбеи еиԥылеит акоронавирустә инфекциа COVID-2019 Аԥсны алаҵәара азҵаарақәа ирылацәажәарц. Аԥшьгаратә гәыԥ иаԥнаҵеит аиҿкаара "Ҳара ҳаидгылоуп".
Авирус Аԥсны иахьаҵанакуа изманы игәаҭаз хҩык роуп. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа ахәышәтәырҭақәа ирылҩаауп. Ахԥатәи, 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>