Урыстәыла иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы 10 699 коронавирус хҭыс ҿыц ҟалеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 НМИЦ ССХ им. А. Н. Бакулева Минздрава РФ
Госпиталь COVID-19 НМИЦ ССХ им. А. Н. Бакулева Минздрава РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авирус змаз апациентцәа реиҳараҩык акоронавирустә инфекциа аҟазшьақәа рыдубало иҟамызт.

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иазгәаҭоуп 10 699 коронавирус хҭыс ҿыц 83 регион рҿы, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 иаҿагыланы ақәԥаразы Москва аоперативтә штаб.

Урыстәыла иахьаҵанакуа 98-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 2805-ҩык ргәы бзиахеит.

Зынӡа иахьазы Урыстәыла акоронавирус рыхьит ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп 187 859-ҩык ауааԥсыра атәыла арегионқәа 85 рҟны. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 1723-ҩык, ргәабзиара ҭышәынтәалахьеит 26 608-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0