"Аибашьра ҟалаанӡа иара Киев дыҟан, уа далгеит арратә ҵараиурҭа, аимадара аганахьала. Аибашьра ианалагагьы иара уа дыҟан, алеитенант еиҳабы ҳәа арратә хьӡыгьы иман. Аибашьра зегьы дахысит, уи иацыз амыҟәмабарақәа ихганы дхынҳәуеит. Ианашьан Аеҵәа ҟаԥшь аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден рыхҩаӡарак дакавалерын, Днепр аиасразы амедалгьы ианашьан, Прага ахақәиҭҭәраз уҳәа еиеиуԥшым аҳамҭақәа ианашьоуп. 1943 шықәса рзы хаҭала Сталин иҟынтә ианашьан аҳаҭыртә ҳамҭагьы. Иара хаҭала 23-тәи ахысратә Киевтәи-Житомиртәи адивизиа аимадара аҟәша деиҳабын", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Аибашьра аветеран иҭаца иазгәалҭеит иара хаҭала дшихааным, аха аҭаацәараҿы еиқәырханы ирымоу агәалашәрақәа рыла ишылдыруа иара изку ажәабжьқәагьы.
"Деибашьуанаҵы Аԥсныҟа иааит иара дышҭахаз ала ашәҟәы. Аха иара деиқәхеит. Жәыларак ашьҭахь аибашьра адәаҿы анышә иқәнаԥсан аҟнытә иаразнак дгәарымҭеит. Ԥҳәыск иԥсахәага шҭаз анылба агоспиталь ахь дганы деиқәлырхоит", - ҳәа еиҭеилҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Лазԥҳа: санду агәашә аҳаркыр луамызт, лыҷкәынцәа ԥшьҩык аибашьрантә раара дазыԥшын
-
Самсониа еиҭеиҳәеит иаби егьырҭ иуацәеи аибашьра Ду ишалаӡыз