Афонд "Анапы ҳалал" амашьына аӷьычра аганахьала аус хацыркуп

© Sputnik Мигалки
Мигалки  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд амаҵзуратә машьына рӷьычит лаҵара 9 ауха. Амашьына иҭан адиректор ихатәы документқәеи амедицинатә цхыраара иазынархаз амаҭәашьарқәеи.

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵааратә ҟәша ашьаус хацнаркит агәыҳалалратә фонд "Анапы ҳалал" амаҵзуратә машьына аӷьычра аганахьала ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Иазгәаҭоуп, аӷьычра зымҽхак ҭбаау ҳәа ишшьоу, убри аҟнытә ацәгьоуцәа фба инаркны 12 шықәсанӡа рықәырҵар ҟалоит.

Водитель за рулем  - Sputnik Аҧсны
Амедицинатә еидара зқәыз афонд "Анапы ҳалал" амашьына рӷьычит Аҟәа

Аусбарҭа аинформациа инақәыршәаны, азарал ироуз иартәоит 203 500 мааҭ, урҭ рахьтә 190 нызқь мааҭ – амашьына ахә ауп, 13 500 – ахатәы маҭәарқәеи агуманитартә еидареи.

Афонд аԥҵаҩы Агнешка Филиппова уаанӡа ишылҳәахьаз ала, ирӷьычыз амашьына иҭан афонд адиректор ихатә документқәа, иара убас Аҟәеи, Гагреи, Драндеи иҟоу абахҭақәа русзуҩцәеи иҭакуи рзы агуманитартә медицинатә цхыраара – анапҭарԥақәа, хә-литрак арзҩыдатәга, аинсулинтә гәырқәа 500.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ацәгьоура ҟазҵаз раарԥшразы аусҭҵаара-оперативтә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0