Хҩык ҳтәылауаа авирус аҟазшьақәа рыдбалоуп

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на коронавирус в Забайкалье
Тестирование на коронавирус в Забайкалье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атест ианахыслак ашьҭахь акоронавирус рымоу ирымаму рзышьақәыргылахар алшоит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаа Урыстәылантәи аҩныҟа ианаа аҽыԥхьакра арежим аҿы иҟан.

АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Москвантәи иааз Аԥсны атәылауаа ҩыџьеи урҭ ирныруаз даҽаӡәи акоронавирус аҟазшьақәа рымоуп, аха атест аҭак иашаҵәҟьа ԥыҭрак ашьҭахь еилкаахоит лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик акоронавирустә инфекциа ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аилатәараҿы.

"Аб иԥҳацәа ҩыџьа ихатәы машьынала Москвантәи аҩныҟа иааигеит. Дара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инеит жәымш рышьҭахь. Алабораториатә ҭҵаарақәа мҩаԥган. Авирус ауп ҳәа ззуҳәаша аҭагылазаашьақәа рыдбалан", - лҳәоит Скорик.

Иахьазы аҩны аҽыԥхьакра мҩаԥыргоит 551-ҩык. Дара хылаԥшра рырҭоит аҟазауаа. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рыстудентцәа ҩышәҩык рҟынӡа аҩныҟа ихынҳәит, ихымԥадатәиу акарантин рхыргоит асасааирҭа "Аиҭар" аҿы.

Аԥсны лаҵара 12 рызтәи аҭагылазаашьала аинфекциа змоу жәаҩык ыҟоуп. Дара зегьы Урыстәылантәи ихынҳәыз аԥснытәи астудентцәа роуп.

Мшаԥымзазы акоронавирус рыхьхьан хҩык Аԥсны атәылауаа. Урҭ рахьтә ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭан, ргәабзиара шьақәгыланы рыҩныҟа иоушьҭын. 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәырԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0