Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи аинвестициақәа рзы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Москва
Города России. Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿаԥхьа уаанӡа напы зҵаҩыз аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликақәа рсоциал-економикатә ҿиаразы Урыстәыла ахыдҵақәа рынагӡара.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи рыбжьара ареспубликақәа ринвестициатә усура адгыларази абиуџьеттә инвестициақәа рзи аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра.

Адокумент рнапы аҵарҩит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Знаур Гассиев.

Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп акультура, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, аҳәынҭнапхгараҭара аусхкқәа рҟны аинфраструктура аобиектқәа рыргылара аԥаразоужьра.

"Ареспубликақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа, ари Урыстәылеи, Аԥсни Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра-зинтә база аҿиараҿы ԥхьаҟатәи шьаҿоуп, ареспубликақәа рыҿиареи руааԥсыра рыбзазареи еиӷьызтәуа усуп", - иҳәеит Михаил Бабич.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура мҩаԥысуеит 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра ашьаҭала.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицураз аиқәшаҳаҭра-зинтә база еиднакылоит 100 инарзынаԥшуа документ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0