"Ареанимобиль шеиқәыршәахо атәы заанаҵы иаадыруан, уи иҭаргылатәу, иахәҭоу азы асмета аиқәыршәара ҳаргьы ҳалахәын. Амашьына иҭагылоуп аинкубатор ҳәа изышьҭоу ҿыц ииз, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы зда ԥсыхәа ыҟам амаруга. Уи адагьы ИВЛ ҳәа изышьҭоу, уҳәа иахьа иреиӷьу ареанимобильқәа шеиқәыршәоу еиԥш иҟоуп. Иара зынӡа иҿыцуп, макьана аус алаҳамуц. Амашьына ахьынтәиаагоу анџьнырцәа ааны аус шауа ҳҳақьымцәа иддырбоит. Ари амашьына амамзаара ҳныԥшуан даара, ахәыҷқәа Урыстәылаҟа рышьҭразы ауадаҩрақәа рацәаны иҳазцәырҵуан. Уажәы ачымазаҩ ишахәҭоу имҩангара ҳалшоит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа раԥхьаӡа акәны ареанимобиль аиуит