"Ҳцех быжьхкык аџьемқәа ҭнажьуеит: ашьынка, алаҳа, алимон, афеихоа, амандарин, апатырқал, акиви. Иҟоуп ашәырхкқәа иааҳхәо, иҟоуп ҳбаҳчаҟны иҳамоу. Афеихоа, амандарина ҳхатә баҳчақәа рҟны иҳамоуп. Аиҳарак иҭҳажьуа аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҟны иаҳҭиуа ауп. Ҳаԥхьаҟа иаҳҭахуп атәыла анҭыҵ аҭира, ҳрышьҭоуп уи аҟны иҳацхраауа апартниорцәа. Иахьатәи акарантин ҳаалыҵ аҭира ианыԥшит, избанзар уи аиҳараӡак иаазхәоз аԥсшьаҩцәа ракәын. Ҳцех аҟны жәаҩык аус руеит ашәырқәа аныҟало аамҭазы. Шықәсык 40 нызқь цыра ҭҳажьуеит, 350 грамм иҟоуп, аџьем хкқәа зегьы рыхә акоуп - 100 мааҭк", - лҳәеит Пандалионԥҳа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Чагәаа: иҳааӡо ашәыр гьамала акыр еиӷьуп анҭыҵынтә иаарго аасҭа
-
Қаԥшь Алаҳаӡы инхо рзы: атуристтә усхк ауп иаҳа рхы ззыркуа