АҞӘА, лаҵара 13 -Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку аиубилеитә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ҭагалан ахь иахыгоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.
Иара иажәақәа рыла, макьаназы арыцхә шьақәырӷәӷәам.
Раԥхьатәи ахада даниз лаҵара 14 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аҭыжьымҭа ҷыда еиҿнакаауеит, иара убасгьы ашықәс зегьы Владислав Арӡынба изку афильмқәа, архивтә кадрқәа ддырбалоит.
"Иара убасгьы ҳара иҳаӡбеит ауаа рацәа реизара алмыршахарц азы Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ахаагарц. Ирацәаҩуп раԥхьатәи ахада абри амш азы дызгәалазыршәарц зҭаху. Убри азы атәыла амчра ахаҭарнакцәа, актәи ахаҿқәа абри ацеремониа мҩаԥыргар азхоны иҳаԥхьаӡеит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Владислав Арӡынба – аҵарауаҩ, аполитик, Аԥсны Раԥхьатәи ахада. Иара ареспублика ахадараҿы дгылан реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы, иахьатәи Аԥсны аҳәынҭқарра дашьаҭаркҩуп.
Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәсазы Алада Ешыра ақыҭан. 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны ахадас далхын, 1999 шықәсазы аҩынтә раан Аԥсны ахадас далхын.
Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Владислав Арӡынба: иԥсҭазаараҟынтәи афактқәа, ахҭысқәа, ахәыцрақәа
-
Владислав Арӡынба ибаҟазы аиндаҭлара аҿҳәара ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа инахоуп