Владислав Арӡынба ибаҟазы аиндаҭлара аҿҳәара ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа инахоуп

Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изку иреиӷьу абаҟазы аиндаҭлара мҩаԥнагоит Аминистрцәа реилазаараҿы иҟоу Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа. Иреиӷьу аусумҭазы аԥхьахә иартәоит 200 000 мааҭ.

АҞӘА, лаҵара 13 -Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изку иреиӷьу абаҟазы аиндаҭлара алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа инахоуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа.

Владислав Арӡынба: иԥсҭазаараҟынтәи афактқәа, ахҭысқәа, ахәыцрақәа - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба: иԥсҭазаараҟынтәи афактқәа, ахҭысқәа, ахәыцрақәа

"Аиндаҭлара аҿҳәара инахоуп аԥкыратә уснагӡатәқәа инарыдҳәаланы. Аԥҟарақәа шыҟац иаанхоит. Аиндаҭлара рхы аладырхәыр рылшоит аскульпторцәа, асахьаҭыхыҩцәа, архитекторцәа, Аԥсны иатәымгьы", - лҳәоит лара.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иреиӷьу ибаҟазы аиндаҭлара мҩаԥнагоит Аминистрцәа реилазаараҿы иҟоу Амонументалтә ҟазараз аҳәынҭқарратә комиссиа.

Аиндаҭлара аԥҟарақәа инарықәыршәаны аусумҭақәа наргар ҟалоит атәылауааи арҿиаратә коллективқәеи. Критери хадас иҟоуп аусумҭа аиндаҭлара апрограмма ақәшәара, аарԥшышьа, ахаҿра аоригиналра, аҵакы, автортә идеиа ахаҭабзиара роуп.

Иреиӷьу аусумҭазы аԥхьахә - 200 000 мааҭ. Аконструкциа Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иқәыргылахоит.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәсазы Алада Ешыра ақыҭан. 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны ахадас далхын, 1999 шықәсазы аҩынтә раан Аԥсны ахадас далхын.

Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0